Абӷанҷ, абашҳа, амақьа: ахаҳә, ахаҳәлых ирыдҳәалоу ажәақәак

© Foto / Сусанна Тания Абӷанҷ-Камень
Абӷанҷ-Камень  - Sputnik Аҧсны, 1920, 10.05.2021
Анапаҵаҩра
Зҭоурых ҵаулоу, зынҵыреи злаӡареи ӷәӷәоу ахаҳә иазкны аматериал ҳазлырхиеит Аԥсуаҭҵааратә институт афольклортә лабораториа аусзуҩ Сусанна Ҭаниаԥҳа.

Ауаҩытәыҩса раԥхьаӡатәи имаругақәа злихуаз маҭәарын ахаҳә. Аԥсны хаҳәк улаԥш иҵамшәо ҟалашьа амаӡам, иуԥылоит ашьхақәа, амшын аԥшаҳәа, аӡиасқәа рҟәарақәа, ақыҭа мҩақәа уҳәа реиԥш иҟоу аҭыԥқәа рҿы.

Прогноз - Sputnik Аҧсны, 1920, 21.02.2021
Аҟауар, ананыра, аҳаҷашь: аԥсуа шҭаҿы идыргыло ахыбрақәа ирыдҳәалоу ажәақәа

Сусанна Ҭаниаԥҳа, Sputnik

Ажәытәӡатәи аамҭақәа иргәылиааз, аамҭаказы зегь раасҭа ахархәара змаз ахаҳә, ахаҳәтә маругақәа ауаҩытәыҩса иԥсҭазаараҿы акырӡа ицхыраагӡан, изы иблахтыран. Еиҳа иааскьоу аамҭақәа иргәылҷҷаауеит ахаҳә иалхыз аҭоурых иаҳзыннашьыз амаҭәарқәа – адамрақәа, ахырӷәӷәарҭақәа, абаақәа, аҭӡамцқәа, ацҳақәа, аҵангәарақәа убас иҵегьы.

Иахьатәи ақыҭа ԥсҭазаараҿы иӷарԥшарны акәзаргьы, иуԥыхьашәоит аԥсуа чыс хаа зымпыҵыҵуа аҳәса (еиҳарак аиҳабыратә абиԥара) аџьыкҵәаҵәа злаҟарҵо аҳаҟьеи аԥхныгеи.

Абраҟа иҳәатәуп, аԥсуа дгьыл аџьықәреи ықәнагалаанӡа иларҵоз аши ахәыӡи шракәыз. Урҭ афатә рылухырц азы иргәӡатәын. Аҵарауаҩ Шьалуа Иналиԥа ишәҟәы "Абхазы" аҟны иазгәеиҭоит: "Аԥсуаа рҟны иаадрыхуаз арыц дыргәӡарц, афатә алырхырц азыҳәан рхы иадырхәон метрак аҟара аҳаракыра змаз ахаҳә "алаҳәара". Иара иамаз аҭагәаҩара ашы, ма ахәыӡ ҭаԥсаны хаҳәла иаасуа ирҟәаҟәон, ирлаҳәон".

алаҳәара - Sputnik Аҧсны, 1920, 17.05.2020
Иԥшьоу амаҭәар: алаҳәара́ аҵаки ахархәашьеи

Аԥсуаа рыбзазараҿы, рынхамҩаҿы ицхыраагӡаз ахаҳәтә маҭәарқәа ҳәа иаадыруеит: аҳаҟьа, аԥхныга, алаҳәара, аҭаацәара арыц алагаразы зыда ихәарҭамыз (анапылатәи аӡлагаратәи) алу, амақьа уҳәа уб.иҵ. Традициала ахаҳә ахархәара аман, иагьамоуп аҵеџьҟаҵареи аӡыхь ачаԥареи рҿы.

Ахаҳә иадҳәалоу, ма иазааигәоу атерминқәагьы уԥылоит аԥсуа бызшәаҿы. Иаагозар:

Абырлаш. Абырлаш (урысшәала "жемчуг") амшын аҵан амыдаӷь иарҳауеит, аԥштәы шкәакәоуп, хаҳә жәлоуп ҳәа ирыԥхьаӡоит. Ари зыхә дуу ахаҳә жәла рԥшӡагас, ҽырбагас иныҟәызго аҳәса роуп. Иара амацәаз агәы иҭарҵоит, аимхәыцқәа алырхуеит. Даҽакалагьы ирҳәоит – анасыԥдара аазго, зымшьҭа цәгьоу ауаҩы иҟнытә уахьчоит ҳәа. Убри азы цырак амацара ныҟәыргом, абырфын рахәыц абырлаш рацәа ахаԥсаны, еимхәыцҵас рыхәда иахарҵоит. Абырлаш дадыркылоит зыц-зышә ԥшӡоу аԥҳәызба данырбалак: "Лхаԥыцқәа ҟәашӡа, абырлаш еиԥш илзыҵагылоуп…" рҳәоит.

Модели в национальных костюмах - Sputnik Аҧсны, 1920, 06.12.2020
"Раӡын даҷшәа деихаԥсоуп": аԥсуа ԥҳәызба лҭеиҭыԥш иахҳәаау ажәақәа

Ақаруа. Ақаруа (урысшәала "янтарь") хаҳә жәлоуп, даҽакалагьы ақаруа хаҳә ҳәа азызҳәогьы ыҟоуп, иара амшын аҟәараҿы уаҩы иԥылоит, иалырхуеит ацәарԥшӡагақәа: аимхәыцқәа, алымҳарыҩқәа, анапхаҵақәа. "Лыбла қаруоуп" рҳәоит зыблақәа ҭыџьџьаауа иҟоу аԥҳәызба лзы.

Алмас. Даара зыхә ҳараку, иԥшӡоу, иагьыӷәӷәоу хаҳә жәлоуп, зыԥшра-зсахьа бзиоу ауаҩы изы "алмас еиԥш дыԥшӡоуп", аҭыԥҳа лзы "алмас еиԥшуп лыблақәа" - рҳәоит.

Аҳашҳаҭәа. Аҳаԥқәа рыҩнуҵҟа, аҭӡамцқәа рҟны иаанахәо ашьашьалқәа аҳашҳаҭәа азырҳәоит, (урысшәала "сталактит").

Абашҳа. Аргылараҿы ахархәара змоу хаҳә жәлоуп. Иласуп, ацәра мариоуп, ацәаакыра аднакылом, ибааӡаргьы, лассы ибоит, абашҳа (урыс бызшәала: "туф").

Праздник Ацуныҳәа провели в селе Ачандара - Sputnik Аҧсны, 1920, 14.03.2021
"Аԥылса", "ашԥылса", "аԥылгыды": акәац жьыхәҭақәеи урҭ рыхьӡқәеи

Абӷанҷ. Ахаҳә анырлагалак иалҵуа ассара абӷанҷ ахьӡуп (урыс бызшәала "щебень"). Аҩны аргылараҿы, амҩадуқәа рыҟаҵаразы, аҵҳа ахҵараҿы уҳәа, ахархәара ду амоуп. Ашәҟәыҩҩ-ажурналист Шьаликәа Камкьиа ишәҟәы "Ажәақәа рдунеи" аҿы ажәа "абӷанҷ" ахьынтәаауа ашьха иҟало аԥсабаратә хҭысқәа ирыдикылоит. Ашьха ҭакнаҳақәа ирыджьылоу ахаҳәқәа ақәыаршҩы анауа, анаатә анасуа, асырӡ анлеиуа ицрыӡәӡәаз ахаҳә аҽазнымкылакәа, хланҵы иҭалоит. Ишнеиуа иара аҵкьыс еиҳау ианаахалак иԥыххааса ицоит. Ажәа "абӷанҷ" ахаҭа иаҳәоит "ибӷалаз иамҷо".

Амаҽахә. Хаҳә жәлоуп, аха еиуеиԥшымкәан аҟазшьақәа азгәарҭоит, руакы – адәқәа рҟынгьы, аҟәараҿгьы иуԥылоит, ахаҳә еиҳа иласуп, амра анақәыԥхалак иҿыпны ицоит. Егьи цәҩеижьуп, аԥсылмӡ азы амаҽахә рҳәоит, "пемза" ззырҳәо авулкан иахылҿиаауа, ашьха иҟоу ахаҳә жәлақәа иреиуоуп.

Асып. Ахаҳә аҟара изыӷәӷәамхаз, аха анышә еиҳа иӷәӷәоу, ԥшшәахәыла ацәеиқәареи ацәышреи еимаркуеит.

Амулеты, драгоценные камни и декоративные элементы из фаянса, бронзы, кости и янтаря найденные в результате раскопок в Помпеях - Sputnik Аҧсны, 1920, 13.09.2020
"Ауарцеи", "асақь", "аҟаса": аҵакырацәа зныԥшуа аԥсыуа ажәақәак

Амақьа. Иҵару, иџьаџьоу хаҳә жәлоуп амақьа. Игәӡоу ахаҳә иалхны иҟаҵоу, аҳәызба, мамзаргьы адалақь рыхразы ахархәара зырҭоз амақьа жәла амақьаԥсыс ҳәа азырҳәоит.

Абысҟак зҭоурых ҵаулоу, злаӡара ӷәӷәоу зынҵырагьы дуу ахаҳә еиуеиԥшым аҟазшьақәа аазырԥшуа ажәаԥҟақәа алалеит аԥсуа бызшәа. Убарҭ иреиуоуп: "Ахаҳә урбылгьаргьы џьара аҽыннакылоит", "Ахаҳә анлеиуа досу ихы инапы ақәикуеит", "Ахаҳә шбылгьо аҵыҭәа зақәиаауам", "Ахаҳә ахьышьҭоу ихьанҭоуп", "Ахаҳә уршыргьы иԥжәоит", "Иӷәӷәоу изы ахаҳәгьы бџьаруп", "Џьарак ишьҭоу ахаҳә хәтәуеит" убас иҵегьы. Ахаҳә иалхны иҟаҵоу амаҭәарқәа ракәзар, идырҿиеит дара ирнаалаша, рҟазшьа аазырԥшуа ажәацҵақәа, иаҳҳәозар: "Ауасҭа бзиа ахаҳәгьы аҵәымыӷ алаиҵоит", "Абӷаџьыҟә дзыриашо адамроуп", "Адамра чаԥаҩы дамра имоуит", "Аҟәараҿы хаҳә змоуз" убас егьырҭгьы.

Ажәытәӡатәи аамҭақәа раахыс инарҭбааны ахархәара змоу ахаҳә ауаа рыхдырраҿы анырра ҟанамҵар залшомызт. Уи ус шакәу арҵабыргуеит хықәкыла Сасрыҟәа иира иазку аҳәамҭа, иара убас еиуеиԥшым алакәқәеи алегендақәеи.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0