"Ажә усҭоит, аҿа сыҭ": ахәыҷы ихаԥыцқәа реизҳара акәамаҵамақәа

© Sputnik / Томас ТхайцукПервый звонок в Сухумских школах
Первый звонок в Сухумских школах - Sputnik Аҧсны, 1920, 10.07.2021
Анапаҵаҩра
Ахәыҷы ихаԥыцқәа реизҳашьа бзиахарц, рычаԥашьа ԥшӡахарц азы изықәныҟәоз аԥҟарақәа ртәы аԥхьаҩцәа ирыдылгалоит Аԥсуаҭҵааратә институт афольклортә лабораториа аусзуҩ Сусанна Ҭаниаԥҳа.

Ахәыҷы иира еснагь игәырӷьахәу хҭысуп. Адунеи, аԥсабара данылоит иҿыцу ауаҩы, ахы ыҵнахуеит иҿыцу аԥсҭазаара, заԥхьаҟа зҭаацәа рыбзиабарала идырԥхауа, зыуацәа згәыӷрақәа здырҳәалауа. 

Сусанна Ҭаниаԥҳа, Sputnik

Ҳажәлар рыҩнуҵҟа ахәыҷы шықәсык ихыҵаанӡа изықәныҟәоз аԥҟарақәа рацәан. Ахәыҷы агара дахьгароу акы ихыган аӡәы ирҭомызт, иеизҳара иаԥырхагоуп ҳәа иахәаԥшуан. Дахьгароу алаԥш имкырц аџыш ахьыршьуан. Ахәыҷы шықәсык ихыҵаанӡа даниз амш аҽны дыркәабомызт, ҵасым ҳәа ирыԥхьаӡон.

Ахәыҷқәа. - Sputnik Аҧсны, 1920, 18.08.2016
Ахәыҷқәа ирызку ажәытә ныҳәарақәа шымҩаԥыргози иахьа ишеиқәхази

Ахәыҷы – дыӡӷаб, дыҷкәын, мгәарҭа инаркны имаха-шьаха ишазҳауа еиԥш ауп ицламҳәа иҵиаарц иҟоу ихаԥыцқәагьы рызҳара ишалаго. Дани нахыс бжьаратәла хәымз-фымз анааҵлак, ҵаҟатәи ицламҳәа иаҵиаауеит ҩ-хаԥыцк, урҭ инарышьҭалоит хыхьтәиқәагьы. Ахаԥыцқәа еизҳалоит ауаҩы наӡа иқәнагоу ҩажәи жәаҩа хаԥыц ҟалаанӡа.

Зхаԥыц ҿыц аара иалаго асаби ихаԥыцқәа рыхьӡ ааҭкааны ирҳәомызт. Урҭ реизҳара ҩысҭааи-џьныши аԥырхагамхарц, ихаԥыцқәа хьырвырны акәымкәа, ииашахәҵәаӡа, иԥшӡаӡа еизҳарц. Убри аҟнытә ахаԥыц аҭыԥан "акьыжь", мамзаргьы "акьыжьқәа" рҳәон, ахьӡ ршьон.

Ахәыҷы иеизҳараан иҭаацәа ҷыдала азҿлымҳара арҭон ихаԥыцқәа реизҳашьа, рычаԥашьа. Иҟан агәаанагара, аԥшқа ихы рҳәар, ихаԥыцқәа аӷаны иаауеит ҳәа. Убри инамаданы, шықәсык ихыҵаанӡа ма раԥхьатәи ихаԥыц аанӡа ихцәы иакьысуамызт, хҳәала ихахәы қамфыфыр рҳәомызт. Ахәыҷы раԥхьатәи ихаԥыц анаалак ашьҭахьгьы, егьырҭ аизҳара иаҿу ахаԥыцқәа налаҵаны рыԥхьаӡара ҟаломызт – ирласны икамԥсарц азы. 

Ахаԥыцқәа ссаны, еивҵаххы, ииаша-иашаӡа иаазар, ахәыҷы деизҳар ԥшӡакы иакәхоит. Ус акәымкәа ахаԥыцқәа ҟәаззар, даназҳалак агәабзиара ду иоуеит ҳәа агәаанагара рыман. Амала ахәыҷы ихаԥыц краамҭа имаазаргь, рацәак иазхьаауамызт, нас лассы икаԥсаӡом, иаҳагьы ибзиахоит, иӷәӷәахоит ҳәа азгәарҭон аԥсуаа.

Ахәыҷы ихаԥыц аныҵихлак, "ажә усҭоит, аҿа сыҭ" ҳәа хынтә иҳәаны алыӷәра иқәуршәыр, ацынхәра лассы иаауеит, насгьы иаауа ӷәӷәахоит ҳәа азгәарҭон. Уи аҩыза ақьабз уԥылоит уажәыгьы аԥсуа қыҭақәа рҿы, ақалақь аҿгьы иҟазҵогьы џьара-џьара иуԥылоит.

Ҳаҭала сашьеи сареи ҳаныхәыҷқәаз, ҳаиҳабацәа рабжьгара ҳақәныҟәаны, иҵшәаз ҳхаԥыц ацынхәра ҳзаарц, "ажә усҭоит, аҿа сыҭ" ҳәа хынтә ҳнахәыҭхәыҭны, ирыуаа аҩны ахыб иқәҳаршәуан.

Жәаҳәарада, ари ақьабз иамоуп авариантқәагьы. Ахаԥыцқәа рҽырыԥсахуа ианалага аамҭазы иҵырхыз ахәыҷы ихаԥыц арацәеи аџьыкхыши нақәыԥсаны џьара акы инылаҳәаны:

"Арҵу, арҵу! Ажә усҭоит, аҿа сыҭ! Ажә усҭоит, аҿа сыҭ!" – ҳәа хынтә инақәцәажәаны аҩны алыӷәра (ахыб) иқәдыршәуан (азгә. - абри аҩыза авариант уԥылоит бзыԥаа рҟны). Уимоу, ахаԥыц аҩны ахыб иахыруаан иандыршәуазгьы маҷмызт.

Новорожденный ребенок с матерью - Sputnik Аҧсны, 1920, 27.10.2018
Раԥхьатәи анапхыц, раԥхьатәи ахаԥыц: ахәыҷы шықәсык ихыҵаанӡа имҩаԥырго ақьабзқәа

Зыӡбахә ҳамоу ақьабз абжьыуаа рҿы маҷк даҽакала иҟоуп:

"Аҳәынаԥ, аҳәынаԥ! Ажә усҭоит аҿа сыҭ! Ажә усҭоит аҿа сыҭ! (уигьы хынтә ирҳәоит)".

Иара убас, иҵыҵыз раԥхьатәи ахаԥыц алаӷәра иқәмыршәкәа акы инылаҳәаны аҩны аҭӡамц, мамзаргьы кылаарак аҿы ианыбжьадыршәуаз ҟалон.

Ауаҩы иқәрабжа данырҭыс, зхаԥыцқәа хыцҩыцқәак ззаанхаз, мамзаргьы рацәак иԥшӡамкәа ихьырвырны иззыҵахаз изырҳәоит: "Иц-ишә имамкәа дҟалеит", мамзаргьы "Хаԥыц кьыжәлеиқәак изыҵагылоуп". Акьыжәлеи - (урыс бызшәала - "щербина").

Ахаԥыцқәа ирыхҳәаау жәлар разгәаҭарақәа рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп, иаагозар:

  • Акәуа аӡмах иахьҭоу ииасуа ауаҩы иц-ишә илыҵаԥшыр, ихаԥыцқәа зегь каԥсоит рҳәоит.
  • Ацәаҟәа ухаԥыцқәа аурбар, иҩеижьхоит, ма зынӡа иҵышәшәоит.
  • Амаҳә ма аҭаца абхәа ихьӡ рҳәар, "рхаԥыцқәа каԥсоит" рҳәоит.
  • Аҽыхәа иақәымтәац арԥыс ихаԥыцқәа ацәаҟәа иабар, еиқәаҵәахоит.

Иазгәаҭатәуп, аԥсуаа ҳҟны ишыҟаз шықәсышәк ианырҭысгьы зхаԥыцқәа аҟәараш еиԥш иззыҵагылаз ауааԥсыра: Киут Хапара (Кындыӷ ақыҭа, 155 шықәса нызҵыз), Бжьаниа Ашьҳангьари (Тамшь ақыҭа, 147 шықәса ниҵит), Џьниа Осман (ақыҭа Лыхны, 140 шықәса), Лашәриа Хьфаф (Кәтол ақыҭа, 132 шықәса), Быҭәба Силаҳ (Аҭара ақыҭа, 120 шықәса), Камкьиа Ҭаџьгәагәа (Аӡҩыбжьа ақыҭа, 118 шықәса), Ҳагба Маҳҭы (117 шықәса ниҵит). Дара анарԥарцәаз, ианҭыԥҳацәаз еиԥш, рхаԥыцқәа бжеиҳан еилшәарак рымамкәа рынарцәымҩа иқәлеит. Хымԥада, ажәытәуаа агәабзиара рызҭоз - аҳауа зҩыдан, афатә-ажәтә цқьан, ауҭраҭых ахимиатә рцәыгақәа рыда иҿассы иҿалон, ухаԥыцқәа бжьызхуа ахаа маҷны ирфон, арыжәтә аҟаҵараангьы ашьақар мыцхәы адыргаломызт. Абарҭ афакторқәа зегьы ауаҩы деихыӷәӷәа-еиҵыӷәӷәа, дџыхӡа драаӡон.

Иахьа ихәшәырку ҳаԥсҭазаараҿы агәабзиара хәыҷгьы-дугьы ишҳацәмаҷугьы, ҳгәыӷлап ԥхьаҟа аҭагылазаашьа шԥеиӷьымхари ҳәа. Агәыӷра зегьы ирыцкуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0