Ахәыҷқәа ирызку ажәытә ныҳәарақәа шымҩаԥыргози иахьа ишеиқәхази

© Sputnik / Томас ТхайцукАхәыҷқәа.
Ахәыҷқәа. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ажәытәан аԥсуа ҭыԥҳацәа рхаҵацара иамаз акәама-ҵамарақәеи, рцәа ртәымкәа ианыҟаз рхымҩаԥгашьеи, ахәыҷкәа ирызку аныҳәарақәеи ртәы дазааҭгылеит афилологиатә ҭҵарадыррақәа ркандидат Лиудмила Хьибба.

Sputnik, Рада Ажьиԥҳа

Жәытә-натә аахыс аԥсуаа аҭаацәара алалареи, ахшаара аиуреи, ахәыҷқәа рааӡареи, рныҳәареи уҳәа атрадициа бзиақәа рзаԥуп. 

Аҩны иҩнаргалоз аҭаца раԥхьа ачанах ԥылҽон, араӡны ԥареи, ахаа-мыхаақәеи лықәырԥсон, ашәхымс аҟны арԥарцәа аҳәызбақәа еинырҟьон, уи аҭаца дыҵысуан, аҩсҭаацәеи, ицәгьоу абызқәеи, алаԥши лмаахарц азы. Ашәа ҳәо амҳара дыҩнаргалон, лаԥхьа аҟәардә дыргылон, аҭаца уи дықәдыртәон, лшьамхаҟны днаргон аҷкәын хәыҷы, раԥхьа ииуа дыҷкәынахырц азы. 

"Аԥсуаа рыҟны еснагь иԥшӡоуп аҭацаагара амҩаԥысшьа, иамоу акәама-ҵамарақәа рацәоуп. Ажәытәан акырӡа урҭқәа ирыцклыԥшуан, аха иахьа маҷк урҭ аиҭакрақәа рымоуп. Аҭаацәара иалалаз аԥҳәызба лцәалтәымкәа даныҟала, аламала ауаа рышҟа дцәырҵӡомыз, лҭагылазаашьа ԥхалшьон, уи ҵәахышьак алҭон иҭбааз амаҭәа лшәылҵон, ауаҩы данлыҳәаԥшуа агәахәара иоуратә еиԥш лцәа лжьы лҵәахон", — ҳәа лҳәеит Хьыбба. 

Зцәа зтәымыз аҭаца аҩны аҩнуҵҟа илылшоз ҟалҵон, асасцәа лҭазар лымаҵ ишылуц илуон, аха лымз ҿҳәара анааигәахалак илымыздо аҩны аӡәыр дыҟазар илымырдон, аџьабаа лдырбомызт. Аԥсрахьы зцәа зтәыму аԥҳәыс днаргомызт, аԥсылаԥш иацәшәаны. 

Цветущий миндаль в мадридском парке Quinta de los Molinos - Sputnik Аҧсны
Аҿиареи, аизҳареи рынцәахәы Ҭаргьалас: аԥсуаа разхаҵарақәа

"Аԥҳәыс акала иҟаз лассы-лыссы ӡаагара дцон иахьынӡалылшоз. Агәыгәым ду, агәыгәым хәыҷы ҳәа аԥҳалқәа ҩбаны илыман, ҽнак ҩынтә-хынтә аӡыхь аалгарцы аӡаагара дцон. Зцәа зтәымыз аҭаца аҩны аҩнуҵҟа илылшоз ҟалҵон. Насгьы, лхәы ҷыдала иҟарҵон, аҭаацәа акранырфоз аԥсуа чыс зегьы инавыргыланы, уи ашьҭахь ахш, ахҷаҭ, ахшҳәар лҿарҵон. Иара убас зцәазтәымыз аԥҳәыс уахынла лхы лҿышӡомызт. Избан акәзар, лыхцәы каԥсар аҩсҭаацәа алахәмаруеит, мамзаргьы аҵара ишьҭырхыр ахых лызцәырҵуеит ҳәа иԥхьаӡан. Уахынла лхы анылҿышлак, ибзиаӡаны касышла иҵалкуан. Инаабалак лхахәы ҳәаны, иԥаны илықәылҵон", — ҳәа ацылҵеит лара.

Ахшаара аиура аамҭа анааигәахалак ахәыҷы имаҭәа игара еиқәдыршәон, аха аҩны иҩнаргаломызт. Агара аҭуан, мамзар аца аҟнытә ашәа ҳәо илбааргон, ахәыҷы даныилак ашьҭахь. Уи аԥхьа акакани ацхеи агара ианырԥсалон, игәы ҭәны, иҿы хааны дҟаларц. Агара амацара иангылоу идырҵысӡомыз, иҵасым ҳәа иԥхьаӡаны. Иманшәалу агара ҳәа ирыԥхьаӡон ахшаара рацәа зааӡахьо агара.

"Ахшаара дзауаз аԥҳәыс деилларгон аҭыԥантәи зықәра ыҟаз аԥҳәыс-аилыргаҩ. Ашыц иалхны агәабан, акалам, ашькыл хәыҷкқәа, агара иаҭахыз зегьы еиқәдыршәон. Ахәыҷы даниз адырҩаҽны агара дгарырҵон, мчыбжьык игараҵара ахылар — агара дацәхьаҵыр ҟалоит ҳәа ирыԥхьаӡон. Ахәыҷы иира маҷк шагыз, идырҿыцуан ани аби руада, дара рыҟны акәын игара ахьыҟаз, уажәҭәи аамҭа еиԥш акәымкәа. Ауаҭах цқьазар акәын еснагь. Ус ҩба хԥа шықәса ихыҵаанӡа ахәыҷы имацара ддыриаӡомызт, дшәар ҳәа ишәон. Аҭаацәараҟны аҵеи даниалак знык ихысуан, аӡӷаб даниалак ихысӡымозт, лара дсасуп даҽа гәараҭак лырԥшӡоит ҳәа ирыԥхьаӡон. Раԥхьатәи амзқәа рзы ахәыҷы иан дышлыхшаз еиԥш дгарарҵон, ҩымыз аныихыҵлак ицәеижьы амаҭәа адырҵон. Ан лгәыҳәԥы хшы аҽарыцқьаанӡа, агәыла ма аҭынха асаби акрыиҿалҵон, — ҳәа азгәалҭеит Хьыбба.

Ҿыц ахшаара дзауыз аԥҳәыс аӡаагара дрышьҭӡомыз, аӡылаԥш иацәшәаны.

"Аԥҳәыс бзиа, аҭаацәа бзиа зааӡаз, ҩы-мчыбыжь ашьҭахь ахшаара дзауыз аԥҳәыс аӡахьы длыманы дцон, дылныҳәон. Аныҳәара абас имҩаԥысуан, ф-кәтаӷьк, ачашә ашә агәылҵәҵәа иҟаҵаны иргон. Аԥҳәыс цқьа алабала акәтаӷьқәа ԥҽны аӡы иҭалыршәуан, уи аамҭаз илҳәон "зылаԥш цәгьу иџьам иануп" ҳәа, абас фынтә илҳәон. Акәтаӷьқәа ԥҽны аӡы иалалыршәон, анаҩс ачашә напыла иаимыршәшәаны иҟаз аҳәса ирфон, арыжәтә џьбара адыргаломызт, иржәоз аҵыҵмыџь аӡы акәын", — ҳәа лҳәеит Лиудмила Хьыбба.

Раԥхьа ахәыҷы дылкәабон анду, абиԥара рымшшьара аҽны ахәыҷы дыркәабаӡомызт.

"Ахәыҷы дылкәабон раԥхьа анду, дызларкәабаз аӡы аҵла иаҵарҭәон. Аӡҟы дыркәабаӡомызт абиԥара рымшшьара аҽны, мамзар агәылара, аӡы ахьрыбжьам  - аԥсра ыҟазар", — ҳәа ахәыҷы икәабара атәы аҷыдарақәа дырзааҭгылеит Хьыбба.

Ахәыҷы изкәу аныҳәарақәа рацәоуп, раԥхьаӡа иргыланы ахәыҷы 40 мшы аныихыҵуа имҩаԥырго аныҳәатәыга ауп. Иахьа уи аформа маҷк аҽаԥсахит, ҳәа илыԥхьаӡоит Лиудмила Хьыбба.

Абиԥарала еиқәырханы иаагоу ацаныҳәа - Sputnik Аҧсны
Ажәытә ҵасқәа иреиуоу ацуныҳәа иахьагьы еиқәырхоуп

"Аныҳәатәыг аныҟарҵоз ахәыҷы 40 мшы анихыҵуаз акәын, усҟан иара шьҭа Анцәа дихьчеит ҳәа ирыԥхьаӡон. 40 мшы анҵлак аҽны арбаӷь шьны, аилаџь уны, ачашәқәа ҟаҵаны, ҭаацәаныла ахәыҷы имшьҭ бзианы, алаԥш цәгьа хара иҟәыгазааит, ҳәа дылныҳәон аныҳәаҩ. Ашьтәа иршьоз ашьа ԥха, ашә иахьыршьон. Аныҳәатәыг ихымԥадатәины имҩаԥыргон, уажәы еиԥш ааԥхьара змаз акгьы наргаӡомызт, ахәыҷы аԥара ихчы иаҵарҵаӡомызт. Алаԥш дамкразы ачуан аҵ рнапы аҵшьны илахь рџьышәшәуан. Ан ахш лгәыҵаша аныҳәатәагахь иааиуаз дырԥылаӡомызт. Иныҳәоз аԥҳәыс уи ҭаацәаныла еиқәшәаз, еилаҩҩы иҟаз, кьыс, гхак, ҟьашьрак лымамкәа иҟаз лакәын. Амх-амҿиа, хаҵа имцаз аԥҳәыс ахааназ ахәыҷы дылныҳәар руӡомызт", — ҳәа азгәалҭеит аҵарауаҩ.

Аҭаацәара рҟынтә ахацәа ахәыҷы иҿаԥшӡомыз, шықәсыки бжаки анихыҵлак, ижәӡы аара ианаҟәыҵлак, ихаԥыцқәа аара ианалагоз абду дыҟазар ишьамхы дықәиртәон, уаанӡа азин имаӡамызт. 

"Аб еиҳабацәа ихьырбоз ихәыҷқәа рахь имаз агәыбылра ааирԥшӡомызт, насгьы ахәыҷқәа ирацәҳаӡомызт, рхымҩаԥгашьа иацклаԥшон. Нас шаҟаҩы ахәыҷқәа умада ҳәа ахаҵа ианизҵаалакгьы, шаҟаҩы ахшаара имаз ахыԥхьаӡара иҳәаӡомызт. Ахәыҷқәа ахьӡ ҷыдақәа рырҭон, ихьӡ анырҳәо, уи ихьӡ анҳәатәу даныԥсахалак ауп ҳәа ирыԥхьаӡон", —  лҳәеит лара.

Иааидкыланы, аԥсуа жәлар традициатәла ахәыҷқәа ирызкыз аныҳәарақәа рацәаны имҩаԥыргон: амашәыр алԥха, адәы аныҳәара, алаԥш ныҳәара, аӡы ныҳәара уҳәа убас ирацәаны. 

Аҵарауаҩ Лиудмила Хьыбба иазгәалҭеит, иахьатәи аамҭазы ахәыҷқәа ирызку аныҳәарақәа жәпакы ажәытә ҵасла ишымҩаԥырымго, аилагарақәеи аҿыцрақәеи шаларгалаз.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0