"Ашәқәа зегьы аазыртуа абызшәа": абжьаҟазацәа, аусӡбаҩцәа аԥсуаа ртрадициаҿы

© Sputnik / Василий Малышев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраМахты Таркил, стопятилетний пенсионер из колхоза "Дурипш" Гудаутского района. Абхазская АССР.
Махты Таркил, стопятилетний пенсионер из колхоза Дурипш Гудаутского района. Абхазская АССР. - Sputnik Аҧсны, 1920, 29.07.2021
Анапаҵаҩра
Аԥсуаа рҿы наџьнатә аахыс пату зқәырҵо аҵасқәа иреиуоу аиҳабреи аҵыбреи рныҟәгашьа иаци иахьеи ишыҟоу еиҿлырԥшуеит, абжьаҟазацәа, аусӡбацәа рус зыхьԥшыз атәы дазааҭгылоит Нарҭдырреи адәынтәи афольклорҭҵаареи рцентр аҭҵаарадырратә усзуҩ, аколумнист Есма Ҭодуаԥҳа.

Sputnik, Есма Ҭодуаԥҳа

Ауаажәларратә ҿиара апроцесс ала раԥхьатәи ауаҩы инаиркны иахьатәи ауаҩы иҟынӡа ицәырҵуеит иҿыцу ахымҩаԥгашьатә ҟазшьа ҿыцқәа, анормақәа. Ауаҩы исоциалтә ԥсҭазаара аиҭакрақәа иааидкыланы иԥсабара зегьы, ихаҭара ианымԥшыр залшом. Иаҳҳәозар, ажәала аиӷацәа еинзраалоз, мамзаргьы ацәгьара ҟазҵаз иус зыӡбоз аинститутқәа ҳәа иаԥҵаз, ацәажәацәа дуқәа рыла ишьақәгылаз, иахьа ирыԥсахит аҳәынҭқарраҿ ишьақәгылоу азакәан мчрақәа рыла.

Алабашьа - Sputnik Аҧсны, 1920, 31.10.2020
"Ажәлар рыбз хәшәуп": аԥсуаа аусеилыргара шымҩаԥыргоз

Ҳәарада, аӡеибафара иагаз узихьӡараҳа, аҭоурых иаго аамҭагьы уахьынԥашалан иузаанкылашам, аха ухьышьҭра уазхьаԥшны иреиӷьу алумхыкәа ԥхьаҟа цашьагьы ыҟам. Ажәытәи аҿатәи реиҿыбаара, рымҩеихҵәарсҭақәа реиқәыршәара актуалра змоу зҵаароуп еснагь.

Аиҳабра, аиҵыбра

Аԥсуаа рҿы еснагь пату ақәырҵоит аиҳабра, аиҵыбра. Абырг, аиҳабы, дыԥҳәыс, дхаҵа, еснагь пату иқәны дыҟан. Аԥсуаа рықәранҵыра азҵаара уаназхәыцуа, иубоит ажәытә аиҳабы пату ахьиқәыз ишабзоуроу урҭ рықәра анарха ахьамаз егьырҭ аԥсабара ацқьара, афатә, ажәтә зегьы раасҭагьы. Ауаҩы дуҭахны дшыҟоу, аԥсҭазаара даҭахны дшыҟоу анибо ауп, иҵегь сыҟандаз, акы срыхәандаз ҳәа ихы иазиҳәо даныҟалогьы.

Иахьа ҳаиҳабацәа ҳрыгәҭасуашәа иҟалеит: аҿар хазы нхара ицоит, зҵаарак анырыӡбо, аиҳабы иазҵаауа маҷуп, зегь реиҳа ирыцҳароу – зхала иаанхаз "абыргцәа рыҩны" ҳаԥсадгьыл аҿгьы идыргыло ҳахаанхеит (Анцәа иџьшьаны, уажәазы аԥсуаа рхыԥхьаӡара уаҟа имаҷӡоуп, аха...), аԥсыуак ихаҿы изаагарызу ари аҩыза?!

В.Г.Арӡынба Лыхнашҭа ажәлар рҿаԥхьа ицәажәара.20.06.1993ш. - Sputnik Аҧсны, 1920, 17.08.2019
Аԥсуаа ражәаҳәаратә ҟазара

Иахьа Абыргцәа рхеилак ҳәа иҳамоу, ари ацәажәацәа ринститут аҟынтәи иаауа акоуп. Аха иарбан ҭыԥу иара иамоу иахьатәи ҳаԥсҭазаараҿы? Аҭагылазаашьа шыҟоу ала, иубоит ари аинститут аҵыхәтәантәи ацәынхақәа шакәу, аиаӡаара ишаҿу. Убри аан аиҳабы иажәа пату анақәыз, урҭ ирыӡбоз азҵаарақәа рацәан, аҳәынҭқарратә зҵаарақәагьы налаҵаны. Аиҳабы иҳәатәы иазыӡырҩуан аԥсҭазаара инаҭахьо аԥышәа ахә ҳаракны ишьаны. Аиҳабы данцәажәоз иажәа аԥыҩлара ҟаломызт. Аиҳабы ишибоз аиҵбы аҭаҭын дахомызт, инапқәа иџьыба иҭаикуамызт, ибӷа иеиаирхомызт, ҳәарас иаҭахузеи, иаԥхьа дтәазаргьы иҽеиҵҳәаны дтәомызт. Аиҳабы ихьӡ ҳәаны ҿыҭны дхьадырԥшуам, уи ихьӡаны инеины иааидгылон ихала игәаиҭаанӡа, нас акәын иацәажәара ианалагоз. Уи азоуп аԥсуаа изырҳәогьы: "Аиҳабы изҿырҭӡом, уи ихьӡоит", - ҳәа.

"Уашхәа мақьаԥсыс" еиԥш ашәқәа аанартуеит

Ажәытәан қыҭацыԥхьаӡа иалхны иҟан ацәажәацәа ҟазацәа. Урҭ ирыӡбон еиуеиԥшымыз азҵаарақәа, бжеиҳан бжьаҟазаҩцәас, ӡбаҩцәас иқәгылан. Ҩ-жәлантәык аимак рыбжьалар, ашьоураҟынӡа инанагар, "шәус ахьӡгьы ахьымзӷгьы ӡбатәыс ҳара иҳашәҭ" ҳәа аиҳабацәа-ацәажәацәа нарыбжьалон, реинраалашьа иазхәыцуан. Ӡбашьа змам аус ҳәа узхәаԥшуазгьы ацәажәаҩ ҟаза иажәа "Уашхәа мақьаԥсыс" еиԥш ашәқәа зегьы аанартуеит, иазымӡырҩыр ада ԥсыхәа рмоуӡо иҭанаргылоит, иажәа иахыԥар, изықәшәогьы рдыруеит.

Ҿырԥштәыс иааҳгап аҭоурыхҭҵааҩ Руслан Гәажәба ҳџьынџьуаа рҟынтәи ианиҵаз ҳәамҭак:

"…Ашьа аныбжьалалак иҟарҵоз: ақыҭа еизон, ақыҭа мацара акәӡам, аԥсуа ааигәа қыҭақәа аиҳабцәа еизон, нас уи аус рыӡбон. Уи еилацәажәон, изхароу дзакәызаалак, изхароу ауаҩы дызшьыз иами? Аус рыӡбон, ауаҩы дызшьыз иҭаацәа рмал, аԥара рыҭаны, ақыҭа иҭырцон. Ақыҭаҟынтәи ирышьҭуан, уа иаанхаӡомызт. Убыс ирыӡбуан аус, бааԥсрак аныҟалалак".

Абас иҟаз абжьаҟазаҩцәа, аинраалацәа рзы ирҳәон "Ажәала аԥсы дыбзеитәуеит" ҳәа, мамзаргьы "Абаҩԥҵәа еибиҭоит" ҳәа.

Ус шакәугьы, аԥсуаа рҿы иқәра ыҟоуп ҳәа еиҳабыс иҟоу дарбанзаалак аус иӡбо дыҟамызт. Уи ауаҩ иқыҭаҿы, дызланхо ижәлар рҿы ҳаҭыр ду иқәны, пату зманы иҟаз аӡә иакәзар акәын, зхатә ҿырԥштәала егьырҭ аҿырԥштә бзиа рыҭара зылшоз – ари ихадароу факторуп уи ииӡбаз аус нагӡахартә аҟаҵаразы.

Девушка с книгой  - Sputnik Аҧсны, 1920, 13.12.2020
Есма Ҭодуаԥҳа: "Иааизар аамҭа Аԥсуара ҩны ианааныжьтәу?!"

Аристотель ду ифилософиа ишаҳәо ала, ацәажәаратә ҟазара хԥаны еихшоуп: аилабжьаратә, аӡбаратә, арҽхәаратә (еиуеиԥшым аизарақәа, аныҳәақәа рҿы ақәгыларақәа). Арҭ рҟынтәи иахьатәи ҳаамҭазы аус зуа аҵыхәтәантәи ауп, егьырҭ аԥхьатәиқәа рцәаара заҵәык ауп иубо.

Ҳашьҭахьҟа ҳҭоурых ҳазхьаԥшуазар, иаҳбоит ауаажәларратә усзуҩ, аԥхьагылаҩцәа иреиуаз Нестор Лакоба, Ефрем Ешба реиԥш иҟаз ауаа еиуеиԥшым аҳәынҭқарратә зҵаарақәа рыӡбараҿы рцәажәаратә ҟазара шакәыз аԥхьагылара зырҭоз, усҟангьы егьырҭ аҳәынҭқарратә маакырақәа шаԥырҵахьазгьы, традициатә системала иазнеиуан, анхацәагьы ирҳәоз агәра зыргоз, изрықәгәыӷуаз уи азакәын.

Аԥсуаа ҳменталитет, ҳҟазшьа шыҟоу азгәаҭаны, аҳәынҭқарратә маругақәеи атрадициатә системақәеи реиҿыбаара шаҭаху убоит, уи ада тәым закәан мацарала ухатә ҳәынҭқарра узыргылом.

Ажәабжьқәа зегьы
0