Ҳаџьымба ашьапылампыл азы: аклубқәа рылшара аҳәаа иҭыҵуеит

© Sputnik / Томас ТхайцукФутбол. Нарт - Динамо Сухум. Архивное фото
Футбол. Нарт - Динамо Сухум. Архивное фото - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Ахада Рауль Ҳаџьымба апресс-конференциа мҩаԥигеит ахәаша, нанҳәа 30 рзы.

АҞӘА, нанҳәа 31– Sputnik, Бадри Есиава. Ашьапылампыл азы ачемпионат амҩаԥгара абиуџьет заа ишьақәыргылоуп, аха ашьапылампылтә клубқәа урҭ алшарақәа рҳәаақәа ианырҭыҵуа ыҟоуп иҳәеит Аԥсны Ахада Рауль Ҳаџьымба апресс-конференциаҿы, ахәаша, нанҳәа 30 рзы.

Мини-футбол. Архивное фото - Sputnik Аҧсны
Ашьапылампыл маҷ азы ахәбатәи аиубилеитә турнир мҩаԥысит Очамчыра

"Ашьапылампыл азы ачемпионат амҩаԥгара абиуџьет заа ишьақәыргылоуп, аха ашьапылампылтә клубқәа урҭ алшарақәа рҳәаақәа ианырҭыҵуа ыҟоуп. Ашьапылампыл, ҳәарада, ирҿиалатәуп, аха сара иазгәасҭар сҭахуп аклубқәа раԥҵараан иахәҭоу зегь аҳәынҭқарра абӷа ақәҵара аҭахым ҳәа. Ианҳалшо аӡәгьы мап ицәаҳкӡом", — иҳәеит иара.

Ахәыҷтәы шьапылампыл акәзар, уи иацу апроблемақәагьы рылацәажәаразы ашьапылампылтә клуб "Динамо" апрезидент Асҭамыр Адлеиба иахь азҵаарақәа шәырха иҳәеит иара. Абри ахырхарҭаҿ аҿиара шымҩаԥысуеи аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы аколлективқәа заҟа аԥҵои ртәы Адлеибеи егьырҭ аклубцәа рнапхгаҩцәеи еиҳа иныҭкааны ирдыруеит ҳәа азгәеиҭеит Ахада.

Ажәабжьқәа зегьы
0