"Аиааира" аиааиит: аҟәатәи агәарԥ-командақәа реицлабра хдыркәшеит

CC0 / / Футбольный мяч
Футбольный мяч  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ԥхынгәы 15-21 рзы имҩаԥысуаз аҟәатәи агәарԥ-командақәа 10 злахәыз ашьапылампыл маҷ азы аицлабрақәа хыркәшахеит.

АҞӘА, ԥхынгәы 23 – Sputnik. Есышықәса ашьапылампыл маҷ азы имҩаԥысуа аҟәатәи агәарԥ-командақәа злахәу аицлабрақәа хыркәшахеит ҳәа аанацҳауеит Аҟәа ақалақь ахадара аҿари аспорти русқәа рзы адепартамент апресс-маҵзура.

Аицлабрақәа рфинал аҿы еиԥылеит акомандақәа "Амшын еиқәеи" "Аиааиреи". 3:2 ҳәа иаиааиит акоманда "Аиааира". Ахԥатәи аҭыԥ анашьахеит акоманда "Ливерпуль".

Аиааира згаз иранашьан ахраҿақәа, аҳаҭыртә шәҟәқәа, аԥаратә ҳамҭақәа.

Ԥхынгәы 15-21 рзы имҩаԥысуаз ашьапылампыл маҷ азы аицлабрақәа ирылахәын аҟәатәи агәарԥ-командақәа 10.

Иара убас шәаҳьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0