"Аиааира Ахраҿаз": самбо азы XVII Жәларбжьаратәи атурнир Афон ҿыц имҩаԥгахоит

© Sputnik / Марианна КубраваПресс-конференция посвященная международному турниру по самбо на "Кубок Победы"
Пресс-конференция посвященная международному турниру по самбо на Кубок Победы - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аицлабрақәа ирылахәхоит 2004-2009 шықәсқәа рзы ииз арԥарцәеи 2006-2008 шықәсқәа рзы ииз аҭыԥҳацәеи.

АҞӘА, цәыббра 24 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Самбо азы XVII Жәларбжьаратәи атурнир "Аиааира Ахраҿа", аибашьцәа-аинтернационалистцәа ргәалашәара иазку, цәыббра 27-29 рзы Афон ҿыц имҩаԥысраны иҟоуп ҳәа иҳәеит Самбои дзиудои рзы ареспублика афедерациа ахантәаҩы Михаил Пиканин Sputnik аҿы имҩаԥысыз апресс-конференциаҿ.

"Есшықәса атурнир агеографиа аҽарҭбаауеит. Иаҳа-иаҳа иаҳҭаауа аспортсменцәа рхыԥхьаӡара иацлоит. Ҳара ҳзы акраҵанакуеит атурнир зҽалазырхәуа рыҩаӡара есааира иахьеизҳауа.  Аԥхьанатә атурнир иалахәыз аспортсменцәа ҿыц аҽазыҟаҵара иалагаз ракәзар, уажәы – аспорт азҟазарахь акандидатцәеи аспорт азҟазацәеи роуп", - ҳәа иҳәеит иара.

Турнир по самбо  - Sputnik Аҧсны
Sputnik аҿы иалацәажәоит самбо азы Афон ҿыц имҩаԥысуа XVII Жәларбжьаратәи атурнир

Самбои дзиудои рзы ареспублика афедерациа ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Роберт Новоиан иҳәеит иахьазы аицлабра аҽалархәра шырҭаху аԥснытәии урыстәылатәии акомандақәа 22.

"Традициак аҳасабала Лада Урыстәыла, Нхыҵ Кавказ, Урыстәыла агәы, Москва, Санкт-Петербург рҟынтәи ауп асасцәа шаҳзаауа. Сынтәа атурнир алахәхаразы агәаҳәара аадырԥшит Мрагылара Хара - Алада-Сахалинск, Благовешьченск, Иакутиа, Амуртәи аобласт, Камчаткатәи атәылаҿацә", - иҳәеит Новоиан.

Иара иажәақәа рыла, атурнир иалахәхар рылшоит 400-ҩык аспортсменцәа.

"Аиҳарак атурнир Аҟәа акәын иахьымҩаԥысуаз. Уажәы раԥхьаӡа акәны Афон ҿыц имҩаԥгахоит. Аратәи азал ауснагӡатә амҩаԥгара еиҳа ианаалоит. Аҟәа иҟоу азалқәа ҩба роуп – Курченко лпарк аҿи "Спартаки". "Спартак" азал маҷуп, Курченко лпарк аҿы азал дууп, аха атрибунақәа маҷуп", - ҳәа иҳәоит Роберт Новоиан.

Аицлабрақәа раан ашәарҭадара азҵаара далацәажәо Самбои дзиудои рзы ареспублика афедерациа ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Андреи Погосов иҳәеит акомандақәа ргәырҽанҵан аспортсменцәа ргәабзиаразы аршаҳаҭгақәа рымазарц ҳәа.

Футбольное поле - Sputnik Аҧсны
Ашьапылампыл азы ахәмарра, анапылампыл, самбо: Аԥсны амчыбжьтәи аспорттә афиша

"Агәабзиарахьчара аминистрра адырра раҳҭеит атурнир шымҩаԥааго азы. Ҳгәыӷуеит ацхыраара ҟарҵап ҳәа", - иҳәеит иара.

Погосов еиҭеиҳәеит  атурнир "Аиааира Ахраҿа" ишалахәхо Аԥсны арегионқәа зегьы. Ареспублика ахьӡала иқәгылоит 82-ҩык аспортсменцәа.

"Атурнир ахь иаауа акомандақәа акыр иӷәӷәоуп. Еснагь акоманда ӷәӷәақәа ааргоит Адыгеиантә, иара убас Ингушетиатәи акоманда, Краснодартәи атәылаҿацә акоманда, Москвеи Санкт-Петербурги ркомандақәа аԥыжәара змоу командақәоуп", - ҳәа азгәеиҭеит Погосов.

Самбои дзиудои рзы ареспублика афедерациа ахантәаҩы Михаил Чалмаз аспонсорцәа дрылацәажәеит.

"17 шықәса раахыс сынтәа раԥхьаӡа акәны атурнир Аҳәынҭеилакы аламырхәыкәа имҩаԥаагоит. Ҳҩызцәа ари аспортхк аларҵәара иҳацхраауеит. Уажәгьы ацхыраара ҳарҭеит аилахәырақәа "Премиум", "Аԥсны аҩқәеи аӡқәеи", "Фара", "Кәыдры", Афонҿыцтәи аҳаԥы. Атурнир зегьы ҳзы иныҳәоуп. "Аиааира Ахраҿа" – самбо азы иналукааша турнируп", - ҳәа иҳәеит Чалмаз.

Атурнир аиҿкааҩцәа – Самбо азы Аԥсны афедерациа, Аҟәа ақалақь ахадара аҿари аспорти рзы Адепартаменти Афон ҿыц ахадареи алархәны.

Ажәабжьқәа зегьы
0