Еицырдыруа абызшәадырыҩ Ҭамара Шьаҟрылԥҳа лгәалашәараз имҩаԥгаз анаукатә конференциа иалахәын ауаажәларратә-политикатә усзуҩцәа, аҵарауаа, аус лыцызуаз, лҵаҩцәа, дыздыруаз, Аԥсны ахада Рауль Ҳаџьымба.
"Ҭамара Шьаҟрылԥҳа дпатриот дуун, лгәы аартын зегьы рзы. Аԥсны аҳәынҭқарра ашьақәгыларазы лымч, лылша, лдырра акгьы деигӡомызт. Уаҩы дшәаны аԥсышәала акгьы анимҳәоз, ибжьы анимыргоз Ҭамара Шьаҟрылԥҳа лаҳәшьа Екатерина Шьаҟрылԥҳаи лареи имыршәа имырҳа аԥсны аӡбахә рҳәон, иӡырыргон", — ҳәа азгәеиҭеит Ҳаџьымба.
Ҭамара Платон-иԥҳа лыԥсҭазаараҟны Аԥсны аинтересқәа иреиҳаны акгьы лыргыломызт. Ҳара даҳцәыӡит аҵарауаҩ ду, аҿар рымҩақәҵаҩ, арккаҩы. Аилкаара уадаҩуп лҭахара зхароу ауаа ирыхәҭоу иахьақәыршәам, рҳәеит аҵарауаа.
Ҭамара Шьаҟрылԥҳа – аҵарауаҩ, афилологиатә наукақәа рдоктор, апрофессор, ауаажәларратәии аполитикатәии усуаҩ. Анаукатә статиақәеи ашәҟәқәеи жәпакы равтор. Аҟәатәи апедагогикатә институт аҿы аҧсуа бызшәеи алитературеи акафедра раҧхьатәи аиҳабы. Аус луан анаукатә усзуаҩ еиҳабыс аҧсуаҭҵааратә институт аҟны. Активла амилаҭтә-хақәиҭратә қәҧареи, ихьыҧшым Аҧсны аҳәынҭқарра ашьақәгылареи рҿы Ҭамара Шьаҟрылԥҳа ллагала акыр идууп.
Ҭамара Платон-иҧҳа Шьаҟрылԥҳа дҭахеит абҵара 12, 2004 шықәсазы, Аҧсны Ахада иалхра иахылҿиааз аилаҩеиласра аамҭазы.