Атәыла ахада иҭоубашьҭаҵара: Рауль Ҳаџьымба имаҵура идкылара ацеремониа шымҩаԥысыз

Анапаҵаҩра
Аԥсны Аҳәынҭқарра ахада имаҵзураҭыԥ ахь инеиразы иҭоубашьҭаҵара ацеремониа мҩаԥган Аԥсны Аминистрцәа реилазаара азал ду аҟны, жьҭаара 9 2019 рзы.

Аԥсны Аҳәынҭқарра азакәанԥҵара инақәыршәаны атәыла ахада Рауль Ҳаџьымба изинмчра хацыркхеит Аԥсны Апарламент адепутатцәеи Аконституциатә ӡбарҭа аӡбаҩцәеи алархәны иҭоубашьҭаҵара анымҩаԥига ашьҭахь.

Рауль Ҳаџьымба имаҵура адкылара иазку ацеремониа иалахәын ареспублика ауаажәларратәи аполитикатәи усзуҩцәа, аҳәаанырцәтәи аделегациақәа.

Рауль Ҳаџьымба имаҵура адкылара иазку ацеремониа иалахәхоит сасцәақәак рыҳасаб ала Нхыҵ Кавказ аусқәа рзы аминистр Сергеи Чеботарев, Аҳәынҭқарратә Дума ахантәаҩ ихаҭыԥуаҩ Ольга Тимофеева, ИАР атәылақәа русқәа рзы Аҳәынҭқарратә Дума Аппарат анапхгаҩы Михаил Кротов, Аҳәынҭқарратә Дума адепутат Леонид Калашников, Ҟабарда-Балкариа ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Мухамед Кодзоков, ҞБА аиҳабыра рхада ихаҭыԥуаҩ Салим Жанатаев, Ҟарачы-Черқьессиа апарламент аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Мусса Екзеков, Калмыкиа ахада Бату Хасиков, ареспублика аиҳабыра рхантәаҩы Иури Заицев, Аҩада Уаԥстәыла –Аланиа аделегациа, ареспублика аконституциатә ӡбарҭа ахантәаҩы Станислав Кесаев инапхгарала. Ацеремониахь иааԥхьоуп Ашьха-Ҟарабахи Никарагуеи рделегациақәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0