Ахыб ахнашәеит: анхацәа еиҭарҳәеит хыбда ишаанхаз

Анапаҵаҩра
Аԥшьаша ахәылбаҽха цәыббра 2 азы, аԥшаа ӷәӷәа иасыз Гәдоуҭа ақалақь Гарцкиа имҩаду аҟны игылоу аҩнеихагыла ахыб ахнашәеит.
Аҩнеихагыла ду аҿы инхо ауааԥсыра цәыбрра 2 ауха, аҵх дыршеит хыбда.
Апшьаша ахәылбаҽха Гәдоуҭа ақалкь ахәҭак аԥшаӷьы иасыз иахҟьаны аҩнеихагыла ахыб ахнашәеит. Иара убас аҵлақәагь ашьапы ианкны иҵнажәжәеит ареспублика амҩаду хада аҟны.
Џьоукы рыҩнымаҭәа иԥхасҭаханы идәыларгахьазар, даҽа џьоукы хыбда иаанхаз уи ақәа ианбаԥхасҭанатәои ҳәа иԥшуп.
Иауаз ақәа рҽацәырыхьчарц азын, анхацәа аамҭала  ахыб амшьамба ақәдыршәеит,  аха уи рацәак ирмыхәаӡеит. Ауаҭахқәа аӡы шрыҩналац иҩналон.
Аҩнеихагыла анхацәа араион анапхгара рышҟа инеит ацхыррара рырҭарц. Ахәаша ашьыжь аҩны ахыбраз иаҭахыз амаҭәахә зегь рзаарган аусурақәа ирылагеит. Аҩны хыбны иалгоит мышқәак рыла.
Ажәабжьқәа зегьы
0