Аконгрессмен далацәажәеит Урыстәыла асанкциақәа ақәхра шалыршахо атәы

© Sputnik / Виталий Аньков / Амедиаҵәахырҭахь аиасраЗдания генконсульств США
Здания генконсульств США - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Урыстәылеи Мраҭашәаратәи атәылақәеи реизыҟазаашьа цәгьахеит Украинатәи аҭагылазаашьақәа инарыдҳәаланы. Мраҭашәара Урыстәыла абарҭ ахҭысқәа ахы рыланагалеит ҳәа ишьаны асанкциақәа адҟарҵалеит.

АҞӘА, хәажәкыра 6 — Sputnik. Ҟрыми Донбасси рҟны аҭагылазаашьази иара убасгьы "алхрақәа ахрылагаларазы" США Урыстәыла аганахь ала асанкциақәа иаланагалаз раԥыхра алшоит Урыстәыла имҩаԥнаго аҽазышәарақәа ирҟәаҵыр ҳәа иҳәеит аштат Алиаска аҟынтәи асенатор Даниел Салливан, Хиустон имҩаԥысуаз аенергетикатә конференциа CERAWeek аҟны.

"Асанкциақәа аанхо иаанымхо урыстәылаа роуп изыӡбаша. Рхы шымҩаԥырго ҳаҿыԥшуеит. Ҳусқәа ахрылагалара иаҟәыҵыр асанкциақәагьы аԥыххоит", — иҳәеит иара.

2017 шықәса нанҳәамзазы Дональд Трамп Урыстәылеи, Ирани, КНДР-и ирзырхаз азакәан CAATSA инапы аҵеиҩит. Ҭагалан Аҩны шкәакәа ицәырнагеит асанкциақәа зыдҟаҵалазар алшо урыстәылатәи ахатәхаҿқәеи аиурист хаҿқәеи рсиа.

2018 шықәса ажьырныҳәа 29 рзы США афинансқәа рминистрра ицәырнагеит "кремльтәи асиа". Арахь иаҵанакит 200-ҩык рҟынӡа урыстәылатәи анаплакыҩцәа. Ажәахә иаанагом иаразнакы урҭ асанкциақәа рыдҟаҵалахоит ҳәа аха иахәҭаны ианыԥхьаӡаха хьаҳәа-ԥаҳәада асанкциақәа рзухоит.

Уаанӡа Аҩны шкәакәа аҳәамҭа ҟанаҵахьан Дональд Трамп асанкциақәа аҽа шықәсык рыҿҳәара иацҵазарц адҵа ҟаиҵахьеит ҳәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0