ЕАШ Урыстәыла иаҿагыло аполитика аҭак азыԥхьагәазҭо азакәан апроект иахәаԥшхоит

© Sputnik / Наталья Селиверстова / Амедиаҵәахырҭахь аиасраГосдума РФ
Госдума РФ - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Урыстәылатәи аҳәынҭқарратә Думахь инашьҭуп ЕАШ (США) Урыстәыла иаҿагыло аполитика аҭак азыԥхьагәазҭо азакәан апроект.

АҞӘА, мшаԥы 13— Sputnik. Аҳәынҭқарратә Дума ахантәаҩы Виачеслав Володин иажәақәа рыла ЕАШ (США) ахымҩаԥгашьа аҭак аҭатәуп, аҭак рыҭатәуп урыстәылатәи абизнес змырӷьацо асанкциақәа.

"Урыстәылатәи аҳәынҭқарратә Думахь инашьҭуп ЕАШ (США) Урыстәыла иаҿагыло аполитика аҭак азыԥхьагәазҭо азакәан апроект. Ҳара иазыԥхьагәаҳҭоит азакәан апроект афракциақәа зегьы рхаҭарнакцәа алархәны алацәажәара, арегионқәа рахь анашьҭра, аекспертцәа аус адуларазы рызнагара", — иҳәеит иара.

Белый дом в Вашингтоне - Sputnik Аҧсны
ЕАШ (США) асанкциа ҿыцқәа агәҭакуп

Володин иажәақәа рыла Аҳәынҭқарратә Дума изаамҭанытәим Ахеилак аилатәара мҩаԥысуеит мшаԥы 16 рзы.

Мшаԥымза алагамҭазы еилкаахеит ЕАШ (США) Аконгресс Урыстәыла аганахь ала аԥкырақәа реизга шазнархиаз. Урҭ инарықәыршәаны Урыстәыла аҳәынҭқарратә уал аганахь ала иарбанызаалак аоперациақәа рымҩаԥгара ԥкхон.

Аԥкра иаҵанакит урыстәылатәи абанк дуқәа: Аҵәахырҭатә банк, ВТБ, Газпромбанк, Банк Москвы, Россельхозбанк, Промсвиазьбанк, Внешекономбанк.

Асеиԥш аӡбра ҵаҵӷәыс иазцәырган ГРУ уаанӡатәи аусзуҩ Сергеи Скрипаль ашҳам-хәшәы иҭара Урыстәыла алахәызшәа иҟаз агәаанагара.

Ажәабжьқәа зегьы
0