Урыстәыла ашколтә форма ахәԥса еиԥшыртәуеит

© Sputnik / Николай Хижняк / Амедиаҵәахырҭахь аиасраПредприятия Новороссийска
Предприятия Новороссийска - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ашколтә форма асоциалтә еиҟарамра ԥнарҟәҟәаауеит ҳәа иршьоит.

АҞӘА, нанҳәа 14— Sputnik. Урыстәыла ашколтә форма ахәԥса аиҟаратәреи иара аӡахраз афабрикақәа ҩба разкреи рзы ажәалагала ҟаиҵеит аҵареи аҭҵаарадырреи рзы Аҳәынҭқарратә дума аилак ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Борис Чернышов, ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

Чернышов игәаанагарала ашколтә форма асоциалтә еиҟарамра ԥнарҟәҟәаауеит.

"Аҵаҩцәа еиԥшны еилаҳәазар еиҳа еиӷьу змоу ҳәа азҵаара цәырҵӡом", —  иҳәоит иара.

Чернышов иажәадгалаҿ иазгәеиҭоит ашколхәыҷқәа рформа ахәԥса хԥа-ԥшьба нызқь еиҳамзароуп ҳәа.

Уи адагьы ашколтә форма аӡахра Владимиртәии Псковтәии аобластқәа рҟны иҟоу аӡахырҭатә фабрикақәа ирыдҵазахарц иҳәоит иара.

"Хԥа-ԥшьба нызқь иаԥсазаргьы аматериал бзиа иалхзароуп. Иҭзыжьуагьы урыстәылатәи афабрикақәа ракәзароуп. Ус ахылаԥшра еиҳа имариахоит" — иҳәоит Чернышов.

Ажәабжьқәа зегьы
0