Иосиф Кобзон иԥсҭазаара далҵит

© Sputnik / Михаил Воскресенский / Амедиаҵәахырҭахь аиасраВыборы на пост гендиректора Росгосцирка
Выборы на пост гендиректора Росгосцирка - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Иосиф Кобзон иҭагылазаашьа уадаҩны ахәышәтәырҭахь днаган ԥхынгәы 20 рзы.

АҞӘА, нанҳәа 30— Sputnik. Иԥсҭазаара далҵит СССР жәлар рартист, Аҳәынҭқарратә дума адепутат Иосиф Кобзон, ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

Ашәаҳәаҩ игәабзеиара аҽеиҭанакит 2005 шықәса рзы. Акьыбачымазара иахҟьаны изныкымкәа аоперациақәеи ахмиотерапиеи ихигеит.

Иосиф Давид-иԥа Кобзон диит цәыббра 11 1937 шықәса рзы ақалақь Часов Иар аҿы (Донецктәи аобласт, Украина).

Иосиф Кобзон х-нызқь инарзынаԥшуа ашәа ҭеиҩит, гастроль ҳасабла 100 рҟынӡа тәыла дырҭааит.

1997 шықәса раахыс Иосиф Кобзон Урыстәыла Аҳәынҭқарратә дума адепутатс дыҟоуп.

Иосиф Кобзон ианашьоуп СССР жәлар рартист ҳәа ахьӡ ҳарак (1987), СССР аҳәынҭқарратә премиа далауреатуп (1984), Ленинтәи акомҿареидгыла апремиа ианашьоуп (1976).

2016 шықәса рзы Урыстәылатәи Афедерациа Аџьа Афырхаҵа ҳәа ахьӡ ихҵоуп.

Иосиф Кобзон аԥхьатәи иԥҳәыс, ашәаҳәаҩ Вероника Круглова лоуп, аҩбатәи— актриса Лиудмила Гурченко лоуп (1935-2011). 1971 шықәса рзы Иосиф Кобзон ԥҳәысс дигоит Нелли Кобзон. Ҩыџьа ахшара рымоуп: Андреии Наталиеи.

Ажәабжьқәа зегьы
0