Су-35 Азиатәи арегион аҿы игылоу америкатәи авиациазы ишәарҭоуп

© Sputnik / Владимир Астапкович / Амедиаҵәахырҭахь аиасраСамолеты Су-34, Т-50 и Су-35 С (слева направо).
Самолеты Су-34, Т-50 и Су-35 С (слева направо). - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
4++ абиԥара иаитәу аибашьыгатә ҳаирплан Су-35 24 цыра Китаи иаанахәоит. Абри азы Урыстәылеи Китаии 2015 шықәса рзы аилаӡара рнапы аҵарҩит.

АҞӘА, цәыббра 3 — Sputnik. Америкатәи апортал National Interest урыстәылатәи аибашьыгатә ҳаирплан Су-35 Азиатәи арегион аҿы игылоу америкатәи авиациазы ихыхьуп ҳәа ахнаҳәааит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

Су-35 (НАТО акодификациала: Flanker-Е+), NI агәаанагарала иахьазы инарылукааша аибашьыгатә ҳаирплану. Асеиԥш иҟоу аҳаирпланқәа Азиа-Аокеан ҭынчтәи арегион аҿы Китаи амчра ҳараркуеит ҳәа аҩуеит апортал.

Аҭыжьымҭа иазгәанаҭоит Су-35 иақәдыргылар ауа китаитәи аракета PL-15 "аҳауа-аҳауа" америкатәи аҳаирпланқәа рзы ишәарҭара духоит.

Су-35 ахәбатәи абиԥара иаҵанакуа аҳаирпланқәа акыр ирзааигәоуп аиқәыршәашьала.

Ажәабжьқәа зегьы
0