Шарль Азнавур игәалашәара иазкны Еифель ибаа хьыԥшшәыланы идырлашеит

© Sputnik / Ирина Калашникова / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАкция "Час Земли-2018" за рубежом
Акция Час Земли-2018 за рубежом - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Афранцыз шансонье Шарль Азнавур иԥсҭазаара далҵит жьҭаара 1 азы, 95-шықәса дшырҭагылаз.

АҞӘА, жьҭаара 2 —Sputnik. Ашәаҳәаҩ Шарль Азнавур игәалашәара иазкны Еифель ибаа ихьыԥшшәыланы идырлашеит. Абри атәы аанацҳауеит RT Париж ахада Анна Идальго лажәақәа ҵаҵӷәыс иганы.

"Париж Шарль Азнавур ихьӡала ауснагӡатәқәа мҩаԥгахоит. Иентәи ацҳаҿ иреиӷьу иашәақәа адырҳәалоит, аекран ду аҿы ифотосахьақәа ддырбоит. Еифель ибааш акәзар арҭ амшқәа рзы ихьыԥшшәыланы илашоит", — ҳәа лҩуеит лара Twitter аҿы.

2009 шықәса раахыс Азнавур Ермантәыла ацҳаражәҳәаҩыс Швеицариа дыҟан.

Ажәабжьқәа зегьы
0