Альцгеимер ичымазара ахәшә азыԥшаахар алшоит

© Центр CiRa (Center for iPS Cell Research and Application, Kyoto University) Клетка
Клетка - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Иапониатәи аҵарауаҩ, 2012 шықәса рзы физиологиеи амедицинеи рзы Нобель иаԥхьахә зауз Синиа Иаманака аҽа аартрак ҟаиҵеит.

АҞӘА, жьҭаара 11 —Sputnik. Альцгеимер ичымазареи Стивен Хокинг ичымазареи рҟынтәи ахәшә азы Иапониа ирыԥшааит иахәҭоу акомпонентқәа. Абри атәы РИА Новости иазеиҭеиҳәеит 2012 шықәса рзы физиологиеи амедицинеи рзы Нобель иаԥхьахә зауз Синиа Иаманака.

Лаборатория - Sputnik Аҧсны
Агәабзиарахьчара адунеизегьтәи аиҿкаара реиҳа ишәарҭоу аҿкы ахьӡ аҳәеит

"Ҳара иҳаԥшааит амиотрофикатә склерози Альцгеимер ичымазареи зхәышәтәыша, аԥеԥш зауа ҳәа ҳзықәгәыӷуа ахәшә акомпонентқәа" — иҳәеит иара.

Синиа Иаманака, Иапониатәи аҵарауаҩ, 2012 шықәса рзы физиологиеи амедицинеи рзы Нобель иаԥхьахә иоуит иԥсабаратәым агәыцә хыцқәа iPS ауаҩытәыҩса ихыцқәа ирылхны иахьыҟаиҵаз азы.

Уи аҿиара арҭеит аҵарауаа агәыхь ахәышәтәраҿы.

БАС ма амотортә неиронқәа рчымазараан маҷ-маҷ ауаҩытәыҩса ицәеижь иҟәыӡаауеит, ихахәарагьы ицәыӡуеит. Ари ачымазара ихьуан еицырдыруа англиатәи аҵарауаҩ, хәажәкырамзазы зыԥсҭазаара иалҵыз Стивен Хокинг.

Ажәабжьқәа зегьы
0