Археологцәа Египет асфинкс ҿыц рыԥшааит

© Фото : Hossam M. OmarСфинкс
Сфинкс - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Асфинкс ҿыц ахышәа-ҵышәа 70 сантиметра ыҟоуп, иԥслымӡлыхуп.

АҞӘА, цәыббра 17— Sputnik. Археологцәа Египет аладатәи акалҭ аҿтәи Асуана 50 километра инацәыхараны Ком-Омбо аҿы асфинкс ҿыц рыԥшааит ҳәа аанацҳауеит агазеҭ Youm7, Ком-Омбо ажәытәрақәа рус азы адиректор Ахмад Сеид иҳәамҭа ҵаҵӷәыс иганы.

"Асфинкс ирхәыҷу астатуиа Птоломеиаа репоха (ҳера ҟалаанӡа IV-I ашә.) иаҵанакуеит, аха иара арыцхә иаша азырбо ҩыра анны иҟам", — иҳәоит Сеид.

Пирамиды Гиза в Египте - Sputnik Аҧсны
Египет ажәытә еиланхарҭа рыԥшааит

Иара иазгәеиҭоит Птолемеиаа репоха аан абаашқәа рҿаԥхьа ишдыргылалоз асфинкс ирхәыҷу астатуиақәа. Уи ахьчаратә ҟазшьа аманы ирбон. Асеиԥш иҟоу астатуиа хәыҷқәа уԥылоит адгьылбжьаха Филы аҿгьы.

Уаанӡа египеттәи Луксор аҿы амҩа аремонт азураан аусуҩцәа анышә аныржуаз ирбахьан асфинкс астатуиа.

Гиза асфинкс дыргыларц адҵа ҟаиҵеит Хефрен, Ажәытә аҳра Аԥшьбатәи адинастиа аԥшьбатәи афараон (ҳера ҟалаанӡа 2500 шықәса). Ацаҟьа иаҿаԥҟоу ауаҩытәыҩса ихаҿы змоу алым иахьа уажәраанӡагьы адунеи аҿы зегьы иреиҳауп.

Иҟоуп адыррақәа Хефрен алым ахаҿы иара ихаҿы аҟазшьақәа арҭарц адҵа шыҟаиҵаз (сфинкс араб бызшәа аҟынтәи — "ашәара аб").

Аҭоурыхдырыҩцәа ргәаанагарала уи ишьҭанеиуаз афараонцәа Асфинкс ахаҭа иаламкьыскәа ахаҿы еиҭаркуан, дара рхаҿқәа ирзааигәатәуа.

Ажәабжьқәа зегьы
0