Вышински иаанкылара ацҵаразы апеллиациатә шшыԥхьыӡ ажьырныҳәа 14 рзы иахәаԥшуеит

© Sputnik / Stringer / Амедиаҵәахырҭахь аиасраРуководитель портала РИА Новости Украина Кирилл Вышинский в зале апелляционного суда Херсонской области (6 августа 2018). Украина
Руководитель портала РИА Новости Украина Кирилл Вышинский в зале апелляционного суда Херсонской области (6 августа 2018). Украина - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Уаанӡа Херсонтәи ақалақьтә ӡбарҭа Вышински иаанкылара аҿҳәара иацнаҵахьан ажьырныҳәа 27 рҟынӡа.

АҞӘА, ажьырныҳәа 10 — Sputnik. Адукат Андреи Домански аҳәамҭа ҟаиҵеит Херсонтәи ақалақьтә ӡбарҭа ажурналист Кирилл Вышински иаанкылара ацҵаразы апеллиациа ажьырныҳәа 14 рзы иахәаԥшуеит ҳәа. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

"Апеллиациа иахәаԥшраны иҟоуп ажьырныҳәа 14 асааҭ 10:00 рзы. Ҳара иаҳҭахуп, адҵагьы ҟаҳҵоит Кирилл иганахь ала аҭакра акәымкәа аҽа хьырхәра хкык алхзарц. Сара иацы иахьахәҭаз ашәҟәы насышьҭит, Вышински хәдықәҵара шизызуа азы", — иҳәеит Домански.

Домански иара убасгьы иазгәеиҭеит Вышински иганахь ала иқәгылоу ахәҭаҷ аҩыза ззырхаз ауаа аҩнытә ҭакра анрықәырҵоз ахҭысқәа шыҟаз.

Заседание суда по делу журналиста К. Вышинского в Херсоне - Sputnik Аҧсны
Вышински идукат апеллиациатә шшыԥхьыӡ ҟаиҵеит

"Абри ахәҭаҷ инақәыршәаны аҩнытә ҭакра ихыргоит Васили Муравицки, Славианск уаанӡатәи ахада Нелли Штепа", — иҳәеит иара.

Апортала РИА Новости Украина анапхгаҩы Кирилл Вышински даанкылан Киев, лаҵара 15, 2018 шықәса рзы. Ажурналист аҳәынҭқарра аԥсахра мҩаԥигоит ҳәа ахара идырҵоит. Абри ахәҭаҷ ала иазыԥхьагәаҭоуп 15 шықәса рҟынӡа ҭакрала ахгара.

Херсонтәи ақалақьтә ӡбарҭа лаҵара 17 рзы Вышински даанкылатәуп ҳәа аӡбара аднакылеит. Аӡбарҭа аилатәараан Вышински Урыстәыла ахада иахь ацхыраара даҳәеит. Иара убасгьы аҳәамҭа ҟаиҵеит Украина атәылауаҩра мап шацәикуазы.

Владимир Путин аҭагылазаашьа зеиԥш ҟамлац ауп ҳәа ахиҳәаит.

Москва Киев иазынанашьҭит апресса ахаҭарнакцәа рганахь ала ақәымчраҟаҵара иаҟәыҵырц аҿагыларатә нота.

Амассатә информациатә хархәагақәа рхақәиҭра азҵаарақәа рзы ОБСЕ ахаҭарнак Арлем Дезир уаанӡагьы агәҭынчымра ааирԥшхьан Киев апортал РИА Новости Украина аганахь ала ахымҩаԥгашьазы. Дезир ааԥхьара ҟаиҵахьеит ажурналист ихы дақәиҭтәызарц.

Ажәабжьқәа зегьы
0