Гуаидо аҿагыларатә акциа ҿыцқәа рылеиҳәеит

© REUTERS / CARLOS GARCIA RAWLINSВенесуела аоппозициатә парламент аиҳабы Хуан Гуаидо
Венесуела аоппозициатә парламент аиҳабы Хуан Гуаидо - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Венесуелатәи аоппозиционер Хуан Гуаидо идгылаҩцәа рахь ааԥхьара ҟаиҵеит ажьырныҳәа 30 рзы аҿагыларатә акциа ҿыцқәа рахь инеирц.

АҞӘА, ажьырныҳәа 28 – Sputnik. Венесуела аоппозициатә парламент аиҳабы Хуан Гуаидо, атәыла ахадас зхы рылазҳәаз, идгылаҩцәа рахь ааԥхьара ҟаиҵеит ажьырныҳәа 30 рзы аҿагыларатә акциа ҿыцқәа рахь инеирц. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

Протестующие в Каракасе, Венесуэла - Sputnik Аҧсны
Аоппозициатә парламент аиҳабы Венесуела ахадас ихы рылеиҳәеит

Иара иажәақәа рыла акциақәа ирхықәку ауаҩытәыҩса ихақәиҭрақәа рыхьчароуп.

Иара убасгьы америкатәи агазеҭ Washington Post аинтервиу аҭо Гуаидо иҳәеит аоппозициеи арратә чынуааи аиҿцәажәарақәа шымҩаԥырго атәы, атәыла иахьатәи ахада Николас Мадуро иахҳәаразы.

Венесуела аҿагыларатә массатә акциақәа ирылагеит ажьырныҳәа 21 рзы. Гуаидо атәылаа аамҭалатәи ахадас ҳәа ихы рылеиҳәеит. ЕАА-и аҽа тәылақәаки иара дазхарҵеит. Мадуро Гуаидо "ЕАА амарионетка" ҳәа ихиҳәааит.

Урыстәыла Мадуро Венесуела азакәантә хада ҳәа дырԥхьаӡоит.

Аҿагыларатә акциақәа цонаҵы ирбаандаҩуп 791-ҩык ауаа, иҭахахьеит 29-ҩык.

Песков: Венесуелаҟа урыстәылатәи аруаа аӡәгьы инеимышьҭӡеит

Ажәабжьқәа зегьы
0