Реиҳа аԥсшьара ахьымариоу атәылақәа рреитинг Аԥсны алашәеит

© Sputnik / Томас ТхайцукАԥсны аԥсшьара
Аԥсны аԥсшьара - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ҩыџьа ауаа атәылахь рнеира, асасааирҭаҿы рынхара, рыкрыфарачара, атранспорт азы рныхрақәа уҳәа зегьы ирызхәыцит аекспертцәа реиҳа аԥсшьара ахьымариоу атәылақәа рреитинг анышьақәдыргылоз.

АҞӘА, жәабран 22 - Sputnik. Ҩымчыбжь рыҩныҵҟа реиҳа аԥсшьара ахьымариоу атәылақәа рреитинг Аԥсны алашәеит.

Азамаҭ Багаҭелиа - Sputnik Аҧсны
Арадио
Багаҭелиа: аицлабрақәа Аԥсныҟа иаауа аԥсшьаҩцәа рхыԥхьаӡара еиздырҳауеит

Аԥсны адагьы, арахь иаҵанакит: Белоруссиа, Молдавиа, Индиа, Непал, Марокко, Индонезиа, Танзаниа уҳәа атәылақәа. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости апортал Skyscanner адыррақәа ҵаҵӷәыс иганы.

Қаџьаиа: Аԥсны аԥхын еиԥш аӡынгьы аԥсшьаҩцәа аднакылартә иҟалароуп

Аекзотикатә хырхарҭа змоу атәылақәа рыбжьара зегь раасҭа аԥсшьараз имариоу тәылан ахьӡ рҳәеит Индиа. Ҩыџьа рзы Индиаҟа атур 32 доллар рыла еиҳахеит Қырҭтәылаҟа аасҭа (1594 доллар/1562 доллар).

Марокко аԥсшьара иартәоит 1962 доллар ҩыџьа рзы, Вьетнам (1980 доллар), Шри-Ланка (2072 доллар), Индонезиа (2201 доллар), Таиланд (2266 доллар), Тунис (2400 доллар), Танзаниа (2704 доллар).

 

Ажәабжьқәа зегьы
0