Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Багаҭелиа: аицлабрақәа Аԥсныҟа иаауа аԥсшьаҩцәа рхыԥхьаӡара еиздырҳауеит

© SputnikАзамаҭ Багаҭелиа
Азамаҭ Багаҭелиа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Акурорт Пицунда аофициалтә хаҭарнак Азамаҭ Багаҭелиа арадио Sputnik аҟны еиҭеиҳәеит аԥсшьаҩцәа рзы еиҿыркааз афотоконкурс раԥхьатәи алҵшәақәа ртәы.
Багаҭелиа: аицлабрақәа Аԥсныҟа иаауа аԥсшьаҩцәа рхыԥхьаӡара еиздырҳауеит

"Иреиӷьу ҭаацәала аԥсшьара" ҳәа аицлабра актәи ахәҭа мҩаԥаагеит. Уи ирацәаҩны ауаа рхы аладырхәит, рфотосахьақәа рсоциалтә даҟьақәа рҟны иркьыԥхьуан. Аинтернет система ҳхы иархәаны ираҳҭаз аномерқәа рыла аицлабра мҩаԥаагеит, актәи ахәҭаҟны иалкаан аномер 127. Аиааира лгеит Елена Карпова Владимиртәи аобласт аҟынтәи, лҭаацәеи лареи жәамш амалаҳәа аԥхын Аԥсны рыԥсы ршьартә алшара рымоуп. Аиааира згаз ажәабжь анлаҳҳәа, ҩымш илызхаҵомызт", - иҳәеит Багаҭелиа.

Иара адырра ҟаиҵеит иааиуа амчыбжь азы аицлабра даҽа ҩ-хәҭак мҩаԥыргарц ргәы ишҭоу. Агәыӷра ааирԥшит егьырҭ аԥсшьарҭа ҩнқәагьы дара ирҿыԥшны, аԥшьаҩцәа рзы аицлабрақәа еиҿыркаап, уи иабзоураны Аԥсныҟа аара згәаԥхо рхыԥхьаӡара иацлап ҳәа.

Пицунда акурорт аҟны "Иреиӷьу ҭаацәала аԥсшьара" захьӡыз афотоеицлабра рылаҳәан. Уи мҩаԥысуан ԥхынгәы 27 инаркны абҵара 30-нӡа. Аицлабра зхы алазырхәыз атуристцәа акурорт иахьаҵанакуа рфотосахьа ҟаҵаны асоциалтә ҳа Instagram аҟны иҭаргалон.

Шәазыӡырҩла арадио Sputnik Аԥсны аефир.

Ажәабжьқәа зегьы
0