Адунеиаҿ еиҳа насыԥ змоу атәылақәа алкаауп

CC0 / / Хельсинки
Хельсинки - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
World Happiness Report ареитинг ала еиҳа насыԥ змоу атәылақәа рахь иаҵаркуп: Финлиандиа, Даниа, Норвегиа.

АҞӘА, хәажәкыра 20 - Sputnik. Есышықәса ООН иркьыԥхьуа анасыԥ азы Адунеизегьтәи ажәахә (World Happiness Report) инақәыршәаны, реиҳа насыԥ змоу ауаа нхоит Финлиандиа. Абар уажәшьа ҩышықәсоуп ари атәыла ареитинг аҿы аԥхьагылара аманы иалыркаауеижьҭеи ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

Иреиӷьу анасыԥ-тәылақәа раԥхьатәи ажәаба рахь иаҵакуп: Даниа, Норвегиа, Исландиа, Нидерланды, Швеицариа, Швециа, Зеландиа Ҿыц, Канада, Австриа. Урыстәыла акәзар аҵыхәтәантәи ашықәс ала 59-тәи ацәаҳәаҟынтәи ииасит 68-тәи ацәаҳәахьы.

Реиҳа анхараз насыԥ змам тәыланы иԥхьаӡоуп: Судан, Ацентртә африкатә республика, Афганисҭан, Танзаниа, Руанд, Иемен, Малави.

World Happiness Report ажәахәаҿы 156 тәылаирыхцәажәан.

Реиҳа аԥсшьара ахьымариоу атәылақәа рреитинг Аԥсны алашәеит

Ажәабжьқәа зегьы
0