АҞӘА, мшаԥы 15 - Sputnik. Урыстәыла ахада ипресс-маӡаныҟәгаҩ Дмитри Песков ателеканал "Россия 1" апрограмма "Москва. Кремль. Путин" аҟны дықәгыло иҳәеит Анкара С-400 аганахьала аӡбамҭа дшадгыло.
"Зхатә ус зхала, аӡәы ихьыԥшымкәа еилзырго атәылақәа адунеи аҟны иахьа ирацәам. Урыстәылеи Ҭырқәтәылеи арахь иаҵанакуеит", - иҳәеит Песков.
Иара иазгәеиҭеит Ҭырқәтәыла абри аилаӡара иацәхьаҵырц азы анырра, ақәыӷәӷәара ду шазыруаз.
"Кремль аҳәамҭа ҟанаҵеит Ҭырқәтәыла ахада Таип Ердоган азенит-ракетатә системақәа С-400 раахәаразы ипозициа ишадгыло азы", - иҳәеит иара.
Уаанӡа Ердоган иҳәахьан аракетақәа ԥхынгәымзанӡа Ҭырқәтәылаҟа ишнагахо. С-400 раахәаразы Урыстәылеи Ҭырқәтәылеи рыбжьара аилацәажәарақәа ирылагеит 2016 шықәса рзы.
Еиду аштатқәа ирылшо ҟарҵоит абри аус иаԥырхагахарц. Вашингтон асанкциақәа алаагалоит ҳәа имақаруеит.