Ирбаандаҩу украинатәи амшынуаа раанкылара аҿҳәара иацҵоуп

© Sputnik / Алексей Мальгавко / Амедиаҵәахырҭахь аиасраИрбаандаҩу украинатәи амшынуаа раанкылара аҿҳәара иацҵоуп
Ирбаандаҩу украинатәи амшынуаа раанкылара аҿҳәара иацҵоуп - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Керчтәи аӡыбжьахалаҟны иаанкылаз амшынуаа рганахь ала аусеилыргара мҩаԥысуеит иарку арежим ала.

АҞӘА, мшаԥы 18 - Sputnik. Москва, Лефортовтәи аӡбарҭа Керчтәи аӡыбжьахалаҟны иаанкылаз амшынуаа 24 –ҩык раанкылара аҿҳәара ԥхынгәы 24 рҟынӡа инахоуп ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

Уаанӡа апрокурор аҳәара ҟаиҵахьан аӡбаратә ус иарку арежим ала имҩаԥгазарц – аусҭҵаара амаӡа ҟазшьа аҭарази уи алахәылацәа ршәарҭадара аиҿкаарази. Аӡбаҩцәа уи азыҳәа иақәшаҳаҭхеит, ажурналистцәеи зус рыӡбоз рыуа-рҭахи нарышьҭит ақәҵарахә хәҭа адкылараан.

Рассмотрение ходатайства следствия о продлении срока ареста украинским морякам - Sputnik Аҧсны
Керчтәи аӡыбжьахалаҿ иааныркылаз амшынуаа аҿахәҿыхра мап ацәыркит

2018 шықәса абҵара 29 рзы Украина арра-мшынтә флот аӷбақәа "Бердянск", "Никополь", "Яна Капу" Урыстәыла аҳәынҭқарратә ҳәаа еиларгеит, дара мҩаԥызгоз Урыстәыла амшынеиқәатә флоти Афедералтә шәарҭадаратә маҵзура аҳәаахьчаратә маҵзура рыӷбақәеи рышхәақәеи иаангыларц азы иҟарҵоз адҵа иазхәыцуамызт ҳәа.

Абри ашьҭахь аӷбақәа ааныркылеит Урыстәылатәи амшынԥшаҳәаҟынӡа 20 километра рҟынӡа бжьани Ҟрымтәи ацҳа аӷбақәа ахьыҵысуа аҟынтәи 50 километра рҟынӡа набжьани.

Абри аан хҩык украинатәи амшынуаа ахәрақәа роуит. Урҭ ахәышәтәырҭаҿы ацхыраара рыҭоуп. Рыԥсҭазаара шәарҭа иҭагылам.

Урыстәыла, аҳәынҭқарратә ҳәаа аилагара инамаданы ашьаус хацнаркит, аҳәарагь ҟанаҵеит ООН Ашәарҭадаратә хеилак Азовтәи амшын аҿтәи аҭагылазаашьаз ҷыдала алацәажәара мҩаԥнагарц.

Владимир Путин ари провокациоуп ҳәа ахиҳәааит, иагьазгәеиҭеит иаанкылаз амшынуаа рыгәҭа ишыҟаз хҩык Украина ашәарҭадаратә маҵзура аусзуҩцәа, дара шракәыз аоперациагьы хылаԥшра азҭоз. Иара убри аан иҳәеит урыстәылатәи аҳәаахьчаҩцәа рнапынҵақәеи руалԥшьақәеи шынарыгӡоз.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0