Иԥсҭазаара далҵит акомпозитор Евгени Крылатов

© Sputnik / Сергей Пятаков / Амедиаҵәахырҭахь аиасраЕвгени Крылатов
Евгени Крылатов - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Акомпозитор Евгени Крылатов 86 шықәса дшырҭагылаз Москва ақалақь аҿы иԥсҭазаара далҵит.

АҞӘА, лаҵара 8 - Sputnik. Акомпозитор Евгени Крылатов 86 шықәса дшырҭагылаз Москва ақалақь аҿы иԥсҭазаара далҵит ҳәа ателедырраҭарамҩаԥгаҩ Андреи Малахов иофициалтә Twitter-аккаунт аҿы адырра ҟаиҵеит.

"Иахьа идунеи иԥсахит акомпозитор Евгени Крылатова. Еицырдыруа ахитқәа "Крылатые качели", "Прекрасное далеко" равтор". - ҳәа иҩуеит Малахов.

Акомпозитор Евгени Крылатов игәалашәара наӡаӡатәхоит ҳәа РИА Новости иазеиҭеиҳәоит Москва ақалақьтә дума адепутат Евгени Герасимов.

Урыстәыла жәлар рартист, "Прекрасное далеко", "Крылатые качели", "Три белых коня" уҳәа реиԥш иҟоу ашәақәа равтор Евгени Крылатов 1934 шықәса рзы диит. Москватәи аконсерваториа даушьҭымҭоуп. 1982 шықәса рзы СССР аҳәынҭқарратә премиа ианашьан, 1994 шықәса рзы ихҵан Урыстәыла жәлар рартист ҳәа ахьӡ.

Акомпозитор 160 киносахьа рҟынӡа амузыка рзиҩхьан.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0