Адгьыл аҿы аԥсҭазаара ашәарҭара иҭазыргыло ҳәа агәаанагара ззыҟоу рсиа хиоуп

© National Nuclear Security Administration / Nevada Site Office /Испытание термоядерного взрывного устройства в США
Испытание термоядерного взрывного устройства в США - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
ООН астатистикала Адгьыл аҿы аԥсҭазаара ашәарҭара иҭазыргыло ҳәа агәаанагара ззыҟоу 50 хыҵхырҭа рсиа азырхиоуп.

АҞӘА, рашәара 10 – Sputnik. Британиатәи амаркетингтә маҵзура Blueclaw Адгьыл аҿы аԥсҭазаара ашәарҭара иҭазыргыло ҳәа агәаанагара ззыҟоу 50 хыҵхырҭа рсиа еиднакылеит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости аресурс How Will The World End аҟны икьыԥхьу адыррақәа ҵаҵӷәыс иааганы.

Blueclaw аекспертцәа иалыркааит еиҳа ишәарҭоу ҳәа: аҿкырақәа, аиадертә еибашьра, аԥсабаратә рыцҳарақәа, астероид акаҳара.

Амаҵзура аԥсҭазаараз еиҳа ишәарҭоу чмазараны иалнакааит: агәаҵәкра, аршра, аимҳәа, вирус Ебола, аменингит, Ласс илихорадка, ахолера, вирус Марбург.

Агәаҵәкра еиҳа ишәарҭақәоу рахь иаҵаркуп. Еиҳарак африкатәи атәылақәа рҿы ирылаҵәоуп, хаҭала Нигериа. 2017 шықәса рзы агәаҵәкра иахҟьаны рыԥсҭазаара иалҵит ҩ-миллионҩык ауааԥсыра.

Аҳақьымцәа Конго русура - Sputnik Аҧсны
Ебола авирус иахҟьаны зықьҩык инарзынаԥшуа ауаа рыԥсҭазаара иалҵхьеит

Аиадертә еибашьра акәзар, америкатәи аҭыжьымҭа "Бюллетень ученых-атомщиков" (Bulletin of Atomic Scientists) аекспертцәа реиҳа узыцәшәашоуп ҳәа рҳәоит.

Адгьыл астероид ақәҳара атәы акәзар, НАСА аҵарауаа иҟалар зылшо ҳәа ирыԥхьаӡоит. Астероид ду – Florence – адиаметр 3,9 километра иҟоуп. Иааиуа ашәышықәса рыҩныҵҟа икаҳар алшоит ҳәа иԥхьаӡоуп. Адгьыли иареи еинҟьар 1,2 миллиардҩык рҟынӡа ауаа ҭахар алшоит.

Иара убасгьы ашәарҭара ацуп адунеитә ԥхарра.

Иҟоу аҭагылазаашьақәа рыла 2136 шықәса рышьҭахь аҳауа 44 градус аԥхарра ацлар ауеит. Blueclaw аналитикцәа усеиԥш аан аӡышьҭыҵны адгьылқәа хнаҩоит рҳәоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0