Ебола авирус иахҟьаны зықьҩык инарзынаԥшуа ауаа рыԥсҭазаара иалҵхьеит

© AFP 2023 / JOHN WESSELSАҳақьымцәа Конго русура
Аҳақьымцәа Конго русура - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Уаанӡа Роспотребнадзор Урыстәыла атәылауаа азхьанарԥшит Конго ирылаҵәаз аҿкы чымазара Ебола ҳасаб азыруларц рныҟәарақәа раан.

АҞӘА, лаҵара 4 - Sputnik. Ебола авирус иахҟьаны зықьҩык инарзынаԥшуа ауаа ҭахахьеит Адемократиатә Республика Конго 2018 шықәса ԥхынгәымзаахыс ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

Приморие ахәышәтәырҭаҿы ишьҭарҵаз Ебола чымазара ацәырҵшьақәа имаӡам

"Лаҵара 3, 2019 шықәсазтәи аҭагылазаашьа: зынӡа аҿкы рыхьхьеит 1529-ҩык. Урҭ рҟынтәи вирус Ебола ауп ирыхьыз ҳәа аҳақьымцәа ишьақәдырӷәӷәахьеит 1463 хҭыс. Рыԥсҭазаара иалҵхьеит 1008-ҩык, рыхәышәтәра алыршахеит 422-ҩык", - аҳәоит амаҵзура адырраҭараҿы.

Зегь раасҭа аҭагылазаашьа уадаҩуп апровинциақәа Катвеи Бутембои. Авирус рылаҵәара мзызны иамоуп асанитартә нормақәа рықәымныҟәара.

Агәабзиарахьчара Адунеизегьтәи аиҿкаара аекспертцәа агәыларатәи аҳәынҭқаррақәа Руанда, Уганда, Судан рҵакырахь авирус ииасыр ҳәа иацәшәоит.

Ебола авирус ҿкы чымазароуп, ауааи аԥстәқәеи ирыхьуеит, 2015 шықәса рзы Африкатәи атәылақәа Гвинеиа, Сьерра-Леона, Либериа рҟны ахы ыҵнахит.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0