Урыстәыла ААР: Вышински ихақәиҭразы иҳалшо зегь ҟаҳҵоит

© Sputnik / Стрингер / Амедиаҵәахырҭахь аиасраЗаседание суда по делу журналиста К. Вышинского в Киеве
Заседание суда по делу журналиста К. Вышинского в Киеве - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр, астатс-маӡаныҟәгаҩ Григори Карасин иҳәеит апортал РИА Новости Украина ахада Кирилл Вышински иаарласны ихы дақәиҭхар алшоит ҳәа дышгәыӷуа.

АҞӘА, рашәара 14 - Sputnik. Урыстәылатәи адипломатцәа ирылшо зегьы ҟарҵоит апортал РИА Новости Украина ахада Кирилл Вышински ихы иақәиҭтәразы ҳәа иҳәеит Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр, астатс-маӡаныҟәгаҩ Григори Карасин.

"Иҳамоу амеханизмқәа зегьы аус руеит. Аӡбарҭатә ганахь ала аусура ҳаҿуп. Ахархәара рыҭоуп ауаажәларратә каналқәеи адипломатиатә каналқәеи", - иҳәоит адипломат РИА Новости аинтервиу аҭо.

Кирилл Вышинский - Sputnik Аҧсны
Вышински иус ОБСЕ иалацәажәоит

Карасин деигәыӷуеит Вышинских ара имгакәа ихы дақәиҭхоит ҳәа.

Апортал РИА Новости Украина анапхгаҩы Кирилл Вышински даанкылан Киев, лаҵара 15, 2018 шықәса рзы. Ажурналист аҳәынҭқарра иԥсахит ҳәа ахара идырҵоит. Абри ахәҭаҷ ала иазԥхьагәаҭоуп 15 шықәса рҟынӡа ҭакрала ахгара.

Вышински Урыстәыла ахада Владимир Путин иахь аҳәара ҟаиҵеит ацхырааразы. Иара Украина атәылауаҩра мап ацәкра дазыхиоуп.

Арзаҳал Украина ахада иусеилыргарҭахь инашьҭуп, аха макьаназы уи аҭак ҟаҵам.

Урыстәыла ахада ари аҭагылазаашьа аиԥш зеиԥшу ыҟам ҳәа ахиҳәааит, иазгәеиҭеит "Вышински дзаанкылоу ипрофессионалтә усуразоуп" ҳәа. Москва Киевҟа инанашьҭит апресса ахаҭарнак иганахьала имҩаԥнаго ақәымчра ааннакыларц азы аҿагыларазы ажәанҵа.

Амассатә информациатә хархәагақәа рхақәиҭра азҵаарақәа рзы ОБСЕ ахаҭарнак Арлем Дезир уаанӡагьы агәҭынчымра ааирԥшхьан Киев апортал РИА Новости Украина аганахьала ахымҩаԥгашьазы.

Дезир ааԥхьара ҟаиҵахьеит ажурналист ихы дақәиҭыртәырц.

Ажәабжьқәа зегьы
0