Шәача ашоура ӷәӷәа иазыԥшуп

© Sputnik / Нина Зотина / Амедиаҵәахырҭахь аиасраЗима в Сочи
Зима в Сочи - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Иҟаз амшцәгьақәа рышьҭахь Шәача ашоура бааԥс ҟалоит ҳәа иазыԥшуп.

АҞӘА, нанҳәа 14 — Sputnik. Шәачатәи анапхгара ақалақь ауааԥсыреи асасцәеи адырра рырҭоит акрорт иахьаҵанакуа ашоура цәгьа ҟалар алшоит ҳәа. Абри азы аинформациа цәыргоуп ақалақь ахадара асаит аҿы.

Нанҳәа 14 - 15 рзы +37°С рҟынӡа ашоура ҟалар ҟалоит.

"АҶА аусзуҩцәа аҳәара ҟарҵоит шәачааи аԥсшьаҩцәеи акраамҭа амраҿ аҟазаара рҽацәырыхьчаларц, иахьаҭыԥым амца еиқәырымҵаларц", - аҳәоит адырраҭараҿы.

Шәача иахьаҵанакуа амшцәгьақәа аҭыԥ рыман рашәарамза анҵәамҭа инаркны.

Ԥхынгәы 14 рзы Шәача ақалақь ауааԥсыреи асасцәеи амшцәгьақәа инарыдҳәаланы ргәы рҽанырҵеит. Ирабжьыргеит ашьхаҟа ныҟәара имцарц, аӡиасқәа рааигәара аԥсшьарҭаҭыԥ алрымхырц, амашьынақәа аҵлақәеи аихатә канструкциақәеи ирыҵадмыргылаларц.

Снегопад в Сочи - Sputnik Аҧсны
Амшцәгьа инадҳәаланы Шәача ауааԥсыра ргәы рҽанызарц рылаҳәоуп

"Аӡиасқәа рҟны аӡы шьҭыҵыр алшоит. Ашьха иахьаԥну аҳәынҵәеиларшьшь леиуеит. Магри - Веселое иахьаҵанакуа амшын аҿы аԥшеиларҳә ҟалар ауеит", - азгәарҭон акурорт анапхгара.

Ԥхынгәы 14 рзы амшцәгьа иахҟьаны Кудепста, Адлер, аԥсуа-аурыс ҳәаахь уаазго афедералтә трасса рҿы амҩақәа ӡыла иҭәын.

Аԥшацәгьа иахҟьаны адәыӷбақәа рныҟәара еиԥҟьан.

Ԥхынгәы 18, 19 аметеорологцәа иазыԥхьагәарҭоит ақәаршҩы, адыд-мацәыс, аԥшаӷьы. Ԥхынгәы 25 рзы амшцәгьақәа ирхырҟьаны адгьыл ҳәазеит.

Нанҳәа 4 рзгьы агәҽанҵарақәа рылаҳәан. Амшын аҿы ицәырҵыз аԥшатлакә авидео ианҵан.

Ажәабжьқәа зегьы
0