МИА "Россия сегодня" Саудтәи Аравиа аусура иалагоит

© РИА Новости МИА "Россия сегодня" адиректор хада Дмитри Киселеви аминистр Турки Аль-Шабанахи.
 МИА Россия сегодня адиректор хада Дмитри Киселеви аминистр Турки Аль-Шабанахи. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
МИА "Россия сегодня" ахаҭарнакреи АИХ рзы саудтәи аминистрра ахаҭарнакреи рыбжьара аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩит амаҵзура адиректор хада Дмитри Киселеви аминистр Турки Аль-Шабанахи.

АҞӘА, жьҭаара 15 - Sputnik. МИА "Россия сегодня" ахаҭарнакреи АИХ рзы саудтәи аминистрра ахаҭарнакреи алацәажәеит атәылаҿы ахатә корреспондентцәа русура аиҿкааразы ахаҭарнакра аадыртырц. Абри азы адокумент анапы аҵаҩын Урыстәыла ахада Владимир Путин Ер-Риад иҟазаара апрограмма иҭагӡаны.

"Ҳара агәахәара ду ҳнаҭоит Ер-Риад "Россия сегодня" ахаҭарнакра аартра ахьалшо. Агәахәара ҳнаҭоит шәажәабжьқәа ҳинформациа хыҵхырҭаны иахьырзыҟало, ҳтәыла акәзаргьы ишиашоу аӡбахә еилыкка иахьшәаҳауа", - иҳәеит Аль-Шабанах РИА Новости аинтервиу аҭо.

Киселев иазгәеиҭеит Саудтәи Аравиа адунеи аҿы зхатә ҭыԥ нызкыло ҳәынҭқарраны ишыҟоу.

"Ҳтәылақәа рыбжьара аусеицура адинамикатә ҟазшьа иамоу азыԥхьагәаҭаны иҳаӡбеит МИА "Россия сегодня" ахаҭарнакра абра аартра. Агәра аагоит уажәшьҭарнахыс аинформациа еиҳа инарҭбааны ишҳауло азы", - иҳәеит иара.

Ашәахьаҽны Владимир Путин Саудтәи Аравиа даҭааит усутә ныҟәарыла. Саудтәи Аравиа ахада Сальмана бен Абдель Азиза Аль Саудеи иареи рнапы рыҵарҩит 20 инарзынаԥшуа документ атәылақәа рыҩба русеицуразы.

Ажәабжьқәа зегьы
0