Евроеидгылеи Британиа Дуи Brexit азы акы азааира рылшеит

© AFP 2023 / BEN STANSALL Brexit
 Brexit  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Британиа Ду Евроеидгыла аилазаара иалҵуеит жьҭаара 31 рзы. Асабшазы атәыла Апарламент абри аиқәшаҳаҭра ҿыц азы абжьыҭара мҩаԥнагараны иҟоуп.

АҞӘА, жьҭаара 17 - Sputnik. Британиа Дуи Евроеидгылеи атәыла аидгыла алҵразы (Brexit) аицәажәара рылдыршеит Евроеидгыла атәыла-лахәылацәа рсаммит аламҭалаз ҳәа иҩуеит Еврокомиссиа ахада Жан-Клод Иункер Twitter аҿы.

"Аҭахра аныҟоу, аиқәшаҳаҭрагьы алыршахоит. Иҳадаҳкылаз аиқәшаҳаҭра изызхәыцу, ииашоу еиқәшаҳаҭроуп. Сара асаммит иабжьызгоит аиқәшаҳаҭра адкылазарц", - ҳәа иҩуеит иара.

Иара иажәақәа рыла, Еврокомиссиа аиқәшаҳаҭра аднакылеит, Британиа Ду аԥыза-министр Борис Џьонсонгьы уи дшақәшаҳаҭу азы адырра ҟаиҵеит.

Џьонсон апарламент ахь ааԥхьара ҟаиҵеит адокумент рыдыркыларазы.

"Аиқәшаҳаҭра ҿыц Британиа аусқәа иара иаӡбо ишьақәнаргылоит. Уажәшьҭа, асабшазы апарламент Brexit аус еиҿнакаароуп закәаншьаҭала", - ҳәа иҩуеит Џьонсон Twitter аҿы.

Уаанӡа, Brexit азҵаара аӡбара ахьалымшаз азы атәыла аԥыза-министрс иҟаз Тереза Меи лнапынҵақәа ааныжьны дцар акәхеит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0