Анефҭ, атерроризм, Урыстәыла аҭахрақәа: Башар Асад RT аинтервиу аиҭеит

© Sputnik / Сергей Мамонтов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраБашар Асад
Башар Асад - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Шьамтәыла ахада Башар Асад ателеканал RT аинтервиу аҭо ахҳәаа аиҭеит шьамтәыла-урыстәылатәи "ҩынтәтә жәылареи", ЕААи Шьамтәылеи реизыҟазаашьеи, ахимикатқәеи, ШьАР аҟны "аргәаҟратә" ҟәшақәеи иара убасгьы Шәачеи Женевеи аиҿцәажәарақәеи.

Женевеи Шәачеи

Шьамтәыла аҭагылазаашьа аҭышәныртәаларазы Женеватәи апроцесс америкаа Шьамтәылатәи арабтә республика аиҳабыра ахҳәаразы рхы иадырхәар рҭахын, аха уи қәҿиара амоуит, убри аан Шәачатәи аиҿцәажәарақәа алҵшәа бзиақәа аадырԥшуеит ҳәа иҳәеит аинтервиу аҟны Башар Асад.

"Женеватәи аиҿцәажәарақәа зхәыцыз америкаа роуп. Дара аполитикатә процесс ахархәарала ирҭахын рхықәкқәа рынагӡара. Дара аԥхьанатәтәи рхықәкқәа мҩаԥыргон адемонстрациақәа рымҩаԥгаралеи атеррористцәа рыдгыларалеи. Убри азоуп женеватәи апроцессгьы зылҵшәадахаз, избанзар иара иахықәкыҵәҟьаз, изеиԥшразаалакгьы, аиҭакратә усбарҭак аԥҵаны, Шьамтәыла аиҳабыра ахҳәара акәын. Абри ашьҭахь Шьамтәыла ишырҭаху рнапаҿы иҟазаауан. Дара ас имаҷымкәа атәылақәа рҿы иҟарҵахьеит", - иҳәеит Асад.

"Женева" алҵшәа анаамырԥш, Шәачаҟа ҳхы ҳархеит иҳәеит иара.

"Шәачатәи афорум уажәы ахы бзиаӡаны иаанарԥшуеит. Ииасыз амзазы ҳделегациа уа иҟан. Ииасыз амчыбжь азы аконституциа аганахь ала аилацәажәара ыҟан" ҳәа азгәеиҭеит Шьамтәыла ахада.

Шьамтәыла аконституциатә реформа аус адуларазы аилак аԥҵазарц еиқәшаҳаҭхеит Шәача, амилаҭтә диалог аконгресс аҿы 2018 шықәса ажьырныҳәамзазы.

Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров - Sputnik Аҧсны
Москва "ашәышықәса аилаӡара" агәҭынчымра азцәырнагоит

Жьҭаара 30 рзы Женева иаатит Шьамтәылатәи аконституциатә еилакы раԥхьатәи аилатәара. Иара иалахәын аиҳабыра, аоппозициа, аграждантә уаажәларра рхаҭарнакцәа. Шьамтәыла аконституциатә еилакы аусура хада иалагеит абҵара 4 рзы 45-ҩык злахәу агәыԥ маҷ аусурала. Уаанӡа аделегациақәа аиҿкааратә усурақәа ирылацәажәон.

"Арҭ аилацәажәарақәа ртәы уҳәозар, ара "Женева" – еилацәажәаратә ҭыԥноуп ишахәаԥштәу. Аполитикатә процесс аганахь ала ҳара Шәачоуп ҳахьыҟоу. Аиԥыларақәеи аиҿцәажәарақәеи ахьымҩаԥысуазаалак, дара зегьы шәачатәи апроцесс ахь иаҵанакуеит", - иҳәеит Шьамтәыла аԥхьагыла.

Ахимиатә "жәыларақәа"

Башар Асад Шьамтәыла Дамасктәи ахимиатә бџьар ахы иархәоуп ҳәа "аинсцинировкақәа" хыҭҳәаауп ҳәа иҳәеит.

"Инарҭбаау аинсценировка мҩаԥган. Алахәылацәагьы даара ибзианы ррольқәа нарыгӡон… Ауаҩы дыԥсуазшәа ихы мҩаԥигоит, аҭыхрақәа аанҵәеит - дҿыцҳаҳараӡа дааҟалоит, акгьы имыхьуа иҿынеихоит. Ари аҩыза асахьа убар алшоит Youtube аҿы. Уа зегьы бзианы иубарҭоуп. Ишәҭахызар, ус шакәу шәҳарбар алшоит", - иҳәеит Асад ателеканал RT аҟны.

2013 шықәса нанҳәамзазы Дамаск амҵатәи Мрагыларатәи Гута аҟны агазтә жәылара ашьҭахь Шьамтәыла ахимиатә бџьар мап ацәкра Аконвенциа иалалеит.

Мрагылара атәылақәа изныкымкәа шьамтәылатәи амчрақәа ахара рыдырҵахьеит ахимиатә бџьар рхы иадырхәеит ҳәа. Дамаск акәзар, уи ус шакәым ҳәа аҳәара иаҟәыҵуам, иазгәанаҭоит Ахимиатә бџьар аҿагыларазы аиҿкаара ахылаԥшрала ахимиатә бџьар Шьамтәыла иалгоуп ҳәа.

Урыстәыла аҭахрақәа

Асад Урыстәыла аруаа Шьамтәылаҟа изынарышьҭуа атәгьы далацәажәеит.

Иара иажәақәа рыла, Урыстәыла аруаа Шьамтәылаҟа рынашьҭрала ахатәы уаажәлар ахьчоит, избанзар атерроризм аидеологиа иарбанзаалак ҳәаак амам ҳәа. Атерроризм адунеи зегьы амҽханакырц агәҭакуп иҳәеит Башар Асад.

"Иара Шьамтәылагьы аӡәы изы мацара ус баша иҽишьӡом. Ауаа еиҳарак аԥсра изазыхиоу ртәыла ахьчара, дара рыҟазаара азҵаара, уаҵәтәи рԥеиԥш ахьчаразоуп. Даҽа тәылак аҟынтәи иааз ауаҩы ҳәынҭқаррак ахада изы иҽишьуа дыҟаӡам. Путингьы ахаан уаҩԥсы мацарак изы ижәлар аԥсра абла иҭаирԥшуам. Урыстәыла аофициалтә хаҿқәа ишырҳәо ала, урҭ урыстәылатәи аинтересқәа роуп ирыхьчо. Уи усҵәҟьоуп ишыҟоу. Атерроризм аицҿагыларала иухьчар алшоит Шьамтәыла ажәлар реиԥш Урыстәыла ажәларгьы", - иҳәеит Асад.

Иара убас иара излазгәеиҭаз ала, Урыстәыла жәларбжьаратәи азин аԥҟарақәа ирықәныҟәоит, аглобалтә ҭышәынтәалара,  аинтересқәа ахьчоит.

"Аргәаҟратә" арҟәшақәа рызҵаара

Башар Асад ателеканал RT аинтервиу анеиҭоз иара убасгьы иҿаԥиҽит АИХ игәарарҵаз аинформациа – шьамтәылатәи аиҳабыраҿы "аргәаҟратә арҟәшақәа аԥҵоуп" ҳәа.

Президент Сирии Башар Асад - Sputnik Аҧсны
Асад Мраҭашәареи Америкеи Шьамтәыла аиҭашьақәыргылара ралахәхара дақәшаҳаҭым

Уаанӡа АИХ ишырҳәаз ала, Германиа иаанкылан шьамтәылатәи аԥшыхәратә ҟәша аусзуҩцәа, шьамтәылатәи аҭынч уааԥсыра зыргәаҟуаз Анвар Раслани Еиад аль-Гариби. Иазгәаҭан арҭ ауаа ШьАР (Шьамтәылатәи арабтә республика) аԥшыхәратә усбарҭа хада иаусзуҩцәоуп ҳәа.

"Ҳара аргәаҟрақәа мҩаԥызго арҟәша аԥҵаны иҳамаӡам. Шьамтәыла уи аҩыза аполитика мҩаԥнагаӡом. Ауаа зургәаҟри? Исзеилкаауам. Аиҳаракгьы изургәаҟри? Аинформациа иаша ӡәыр иҭахызар иҭара ҳазыхиоуп" ҳәа иҳәеит Асад.

Шьамтәыла 2011 шықәса раахыс бџьаршьҭыхлатәи аимак мҩаԥысуеит. Уи аҭышәныртәалара активла иалахәуп Урыстәыла, Ҭырқәтәыла, Иран. Дара аиныршәара хыдҵас иргеит. Абри аамҭа иалагӡаны Шьамтәыла ирылдыршеит атеррористцәа риааира, аполитикатә ҭышәынтәалара азааира, еилаԥыххау аинфраструктура аиҭашьақәыргылара. Иаԥҵан аконституциатә еилакы. Арахь иалалеит аоппозициаа рхаҭарнакцәагьы. Аилак аԥхьатәи аилатәара мҩаԥысит жьҭаара 30 рзы Женева.

Анефҭ азы аибашьра

Шьамтәыла аибашьра алагара афакторқәа ируакны Асад иԥхьаӡоит анефҭ азы аибашьра.

"Шьоукы ирҳәоит, Асад агазмҩангага Шьамтәыла иалгазарц иҳәеит, аха иара уи мап ацәикит Урыстәыла аҳаҭыр азы ҳәа. Ари ахаангьы аҭыԥ амамызт. Иҟаз, Иранынтәи Ираки Шьамтәылеи ирылганы Адгьылбжьаратә мшын ахь агазмҩангага аргылара апроект акәын. Ари мзызс иҟалар ауазма? Иҟаларгьы алшоит. Анефҭ иахҟьаны аибашьра иалагазар ҟалоит. Ари аибашьра алагара афакторқәа ируакны иуԥхьаӡар алшоит", - иҳәеит Асад.

Убри аан Шьамтәыла ахада иҳәеит ЕАА адунеи зегьы рабашьра иазыхиоуп ҳәа.

Акәылӡтәы машьынақәа - Sputnik Аҧсны
Аурыс полициа акурдцәа Ҭырқәтәылеи Шьамтәылеи рҳәаа раԥыргара иалагеит

"Убри аан америкаа Британиа ду аума, Франциа аума, партниорцәас ирыԥхьаӡом. Америкаа "аҳәынҭқарра ду" ҳәа ҳзазҳәом, избанзар рдура ыӡхьеит", - ҳәа азгәеиҭеит иара.

Шьамтәыла ицо аибашьра Асад Ахԥатәи адунеизегьтәи еибашьра маҷ ауп ҳәа ахиҳәааит.

"Шьамтәылатәи аибашьра адунеизегьтәи аибашьра амодель маҷ ауп. Афакторқәа еиуеиԥшымзаргьы уи ус ауп" ҳәа иҳәеит иара.

Ердоган Шьамтәыла аганахьала ихымҩаԥгашьазы

Акурдтә партиа "Демократический союз" аиҿкаара Ҭырқәтәыла ахада Реджеп Таиип Ердоган Шьамтәыла далалартә еиԥш алшара ҟанаҵеит. Уи азакәаншьаҭа амоуп ҳәа аӡәгьы иҳәом. Ердоган иҟаиҵаз иарбанзаалак ҵаҵӷәык амам ҳәа азгәеиҭоит.

"Ердоган "Аишьцәа-аԥсылманцәа" (Урыстәыла ззин ыҟам аиҿкаара) ирыдҳәалоу ихатә хықәкқәа имоуп, иара убасгьы иара иҿаԥхьа ЕАА рмарионеткак иаҳасаб ала иқәгылоу адҵақәагьы. Арҭ дара-дара еидҳәалоуп. Убри аан апартиа "Демократический союз" аиҿкаара иара алшара бзиа инаҭеит Шьамтәыла алаларазы. Ердоган изакәанымкәа ихы шымҩаԥигогьы, аҿарԥа имоуп", - ҳәа иҳәоит Асад.

Асад иазгәеиҭеит Ердоган уаанӡагьы Шьамтәыла аҩадатәи ахәҭа алалара шигәҭакыз, ари "Демократически союз" араион иадҳәалоу "атеррористцәа" рҟынтәи ахақәиҭтәра игәы ишҭаз.

Путини Ердогани ҭелла еицәажәеит - Sputnik Аҧсны
Путини Ердогани ҭелла еицәажәеит

Ҭырқәтәыла ахада Таиип Ердоган жьҭаара 9 рзы аҳәамҭа ҟаиҵеит аоперациа "Источник мира" ишалаго азы. Аоперациа азырхоуп Ҭырқәтәыла ззин ыҟам Курдистан аусутә партиеи атеррористтә гәыԥ "Исламтәи аҳәынҭқарреи" рықәгара ҳәа аҳәоит адырраҭараҿы.

Иара убри амш аҽны аҭырқәа ари шьамтәылатәи аоппозициаа рыри ақалақь Телль-Абиад рымпыҵархалеит. Уи адагьы, Шьамтәыла аҭырқәа ари шьамтәылатәи аоппозициаа рыри Шьамтәыла аҩадахьы астратегиатә ҟазшьа змоу амҩаду М4 Алеппо-Хасеке ааныркылеит.

Иара убасгьы амҽышазы рнапахьы иааргеит ақалақь Рас ель-Аин.

Шьамтәылатәи амчрақәа изныкымкәа Ҭырқәтәыла имҩаԥнаго аоккупациатә политика иақәыӡбахьеит. Урыстәыла акәзар, Ҭырқәтәыла аимак иаԥырхагахаша аусқәа аҽрыцәхьанакыроуп ҳәа иашьоит.

Шәача абри апроблема аӡбаразы Владимир Путини Таиип Ердогани еиԥылеит.

Ажәабжьқәа зегьы
0