Симониан Sputnik Естониа ашьҭазааразы: ОБСЕ, ЕСПЧ еимпааит

© Sputnik / Алексей Куденко / Амедиаҵәахырҭахь аиасраСимониан Sputnik Естониа ашьҭазааразы: ОБСЕ, ЕСПЧ еимпааит
Симониан Sputnik Естониа ашьҭазааразы: ОБСЕ, ЕСПЧ еимпааит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Уаанӡа Симониан еиҭалҳәахьан Sputnik Естониаҟны аус зуа, иара убас аусура зҭаху шдыршәо атәы. Лара лажәақәа рыла, абри атәылаҿы Sputnik апроблемақәа маҷымкәа иазцәырҵуеит.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 19 - Sputnik. МИА "Россия сегодня", ателеканал RT рдиректор хада Маргарита Симониан ажәа ахақәиҭраз ҳақәԥоит ҳәа иқәгыло европатәи аиҿкаарақәа ирабжьылгеит еимпырц, Естониатәи амчрақәа Sputnik ажурналистцәа рышьҭазаара иаҟәымҵыр. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

"Естониа официалла имақаруеит ҳжурналистцәа шҭаркуазы, урҭ Ашықәс ҿыц аҟынӡа русура аанырмыжьыр. Ари атәыла амчрақәа рҽаанырымкылар, ажәа ахақәиҭраз ҳақәԥоит ҳәа иқәгыло ОБСЕ, ЕСПЧ реиԥш зеиԥшу европатәи аиҿкаарақәа еимпааит", - ҳәа лыҩуеит Симониан Telegram-канал аҿы.

МИА "Россия сегодня" апресс-маҵзураҿы уаанӡагьы иазгәарҭахьан Естониа амчрақәа рхымҩаԥгашьа, ЕАР, ОБСЕ, Европа ахеилак, ИуНЕСКО, ЕСПЧ рахь ааԥхьара ҟаҵан аҭагылазаашьа ахәшьара арҭарц.

Естониа официалла имақаруеит Sputnik Естониа ажурналистцәа шҭаркуазы, урҭ Ашықәс ҿыц, 2020 ажьырныҳәа 1 аҟынӡа русура аанырмыжьыр, ашьаус шхацдыркуазы.

Естониа заҵәык аҿоуп Балтиа атәылақәа рҟны аинформациатә маҵзуреи арадиои Sputnik рредакциеи рофиси аус ахьауа. Аколлектив 35–ҩык рыла ишьақәгылоуп, 3-ҩык урҭ рҟынтәи Естониа иатәылауаауп. Естониа абиуџьет ахь ицо есымзатәи амаҵзура ашәахтәқәа 30 000 евро ыҟоуп.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0