Путин Урыстәыла иарбан напхгаратә формоу ианаало атәы далацәажәеит

© Sputnik / Алексей Никольский / Амедиаҵәахырҭахь аиасраПутин Урыстәыла иарбан напхгаратә формоу ианаало атәы далацәажәеит
Путин Урыстәыла иарбан напхгаратә формоу ианаало атәы далацәажәеит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Апарламенттә республика Урыстәыла ианаалом ҳәа иԥхьаӡоит Урыстәыла ахада Владимир Путин.

АҞӘА, ажьырныҳәа 23 - Sputnik. Урыстәыла ахада Владимир Путин Липецктәи аобласт аҟны ауаажәларра рԥылараан игәаанагара иҳәеит Урыстәыла анапхгаразы иарбан формоу еиҳа алҵшәа аазырԥшуа ҳәа. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

Путин иаԥихит Нхыҵ Кавказ аусқәа рзы аминистрра - Sputnik Аҧсны
Путин иаԥихит Нхыҵ Кавказ аусқәа рзы аминистрра

"Сгәы иаанагоит зҵакырамҽхак акырӡа иҭбаау, конфессиа рацәала еилоу ажәлар, 160-190 рҟынӡа амилаҭқәа ахьыҟоу хымԥада ахада имчра аҭахуп", - иҳәеит иара.

Атәыла ахада иазгәеиҭеит апарламенттә форма адунеи аҟны акыр ишрылаҵәоу, жәпаџьарагьы хра аманы ахархәара шамоу.

Германиа парламенттә республикоуп, Франциа — хадаратә республикоуп, Индиа апарламенттә форма рыдыркылеит, ЕАА — ахадаратә. Арҭ аҳәынҭқаррақәа зегьы дасу ишиҭаху аҿиара рымоуп ҳәа иҳәеит иара.

Уаанӡа, ажьырныҳәа 15 рзы Афедералтә еизара аҿаԥхьа дықәгыло Путин иҳәеит Урыстәыла апарламенттә республика акәымкәа ахадаратә форма еиҳа ианаалоит ҳәа.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0