Высоцки ирҿиамҭа "Палач" анапылаҩыра 700 нызқь мааҭ ҳәа иҭиуп

© Sputnik / Галина Кмит / Амедиаҵәахырҭахь аиасраВладимир Высоцкий
Владимир Высоцкий - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ирҭииз Владимир Высоцки инапҩымҭа ариашарақәа жәпакы алагалоуп, уи атексти аҵыхәтәантәи атексти акыр еивыгоуп.

АҞӘА, ажьырныҳәа 24– Sputnik. Владимир Высоцки иашәа "Палач" анапылаҩыра 700 000 мааҭ ҳәа иҭиуп. Аҭира мҩаԥнагеит аукционтә ҩны "Литфонд" ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

Владимир Высоцкий в роли Бродского в фильмке Геннадия Полоки Интервенция. - Sputnik Аҧсны
37 шықәса акумир ида: Высоцкии Аԥсныи

Ашәа "Палач" анапылаҩыра ариашарақәа рацәаны иалагалан аханатә. Ахәшьаратә хәыԥса 500 000 мааҭ ыҟан.

"Анапҩымҭа ариашарақәа жәпакы алагалоуп, уи атексти аҵыхәтәантәи атексти акыр еивыгоуп. Иаҳҳәап, ацәаҳәа "Я в тот момент был весь кровав, взъярен и страшен..." аҵыхәтәантәи авариант аҿы иҟаӡам. Уи адагьы, анапылаҩыраҿы агәҭаны иану ацәаҳәа "Когда я об стену разбил лицо и члены..." аҵыхәтәантәи авариант аҿы иаԥхьатәиуп", - аҳәоит алот адгаламҭаҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0