Стенин ихьӡ зху афотоконкурс ажиури алыркааит

© Sputnik / Абхишек Кумар / Амедиаҵәахырҭахь аиасраОткрытие выставки победителей конкурса им. А. Стенина в Нью-Дели
Открытие выставки победителей конкурса им. А. Стенина в Нью-Дели - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
2020 шықәса рзы афотоконкурс аԥхьахәтә фонд ала актәи, аҩбатәи, ахԥатәи аҭыԥқәа рзы ишәахоит 125 000, 100 000, 75 000 мааҭ.

АҞӘА, ажьырныҳәа 29 - Sputnik. Жәларбжьаратәи аинформациатә маҵзура "Россия сегодня" еиҿнакааз Андреи Стенин ихьӡ зху афотожурналистика Жәларбжьаратәи аконкурс ажиури алырхит. Ажиури аилазаараҿ иҟалоит адунеи аҿы еицырдыруа афотоҭыхыҩцәа, аредакторцәа.

Жәларбжьаратәи аинформациатә маҵзура "Россия сегодня" еиҿнакааз Андреи Стенин ихьӡ зху афотожурналистика Жәларбжьаратәи аконкурс хықәкны иамоуп ҳаамҭазтәи афотожурналистика ауаажәларра разхьарԥшра.

Афотоҭыхга - Sputnik Аҧсны
Sputnik аҿы Стенин игәалашәара иазкны астол гьежь мҩаԥгахоит

Аконкурс еиҿнакааит жәларбжьаратәи аинформациатә маҵзура "Россия сегодня". Иара иахьазы Урыстәыла ахьӡ ҿыцқәа аазыртуаны иҟоу конкурс заҵәыкуп. Ажиури иалахәхоит: Жер Сессини, франциатәи афотоҭыхыҩ, арепортажтә фотосахьа амаҵзура "Магнум Фото" (Magnum Photos) акоманда алахәыла; Хлое Коулман, агазеҭ "Вашингтон Пост" (Washington Post) жәларбжьаратәи ажәабжьтә ҟәша афоторедактор; Димитри Бек, ажурнали агалереиеи "Полька" (Polka) (Франциа) рфотодиректор; Хариш Тиаги (Индиа), Сергеи Ильницки (Урыстәыла) Европатәи апресс-фотомаҵзура EPA афотоҭыхыҩцәа; Мутсуко Ота, аконцептуалтә проект IMAанапхгаҩы (Иапониа); Давиде Монтелеоне, италиатәи афотоҭыхыҩ, агеографиатә ҭыжьымҭа National Geographic адиректор.

Ажиури алахәыла Жером Сессини иазгәеиҭеит: "Андреи Стенин ихьӡ зху Жәларбжьаратәи афотожурналистика аконкурс хықәкны иамоуп ҳаамҭазтәи афотожурналистика ауаажәларра разхьарԥшра. Акраҵанакуаны сахәаԥшуеит зусура аамҭаз иҭахаз афотоҭыхыҩцәа рхамшҭра, ргәалашәара. Сара сзы ари аконкурс Андреи Стенин ирҿиара азхаҵароуп иаанаго", ҳәа.

Иапониатәи афотоҭыхыҩ Мутсуко Ота аконкурс дадрыԥхьалоит урыстәылатәи акультуреи аҵыхәтәантәи аамҭазы ара имҩаԥысуа аиҭакрақәеи.

Сергеи Ильницки (Урыстәыла) Европатәи апресс-фотомаҵзура EPA афотоҭыхыҩ иазгәеиҭеит афотосахьа ауаҩы иааикәыршан иҟоу адунеи аҽакала инарбо далагар ҟалоит ҳәа.

"Иахьатәи аамҭазы есыҽны миллионла афотоқәа ҭырхуеит, иаладырҵәоит. Абри аан акраҵанакуаны иҟоуп иреиӷьӡақәоу ралыҟәшәаара. Сара сазыԥшуп аҿар адунеишырбо афотосахьақәа рыла ианҳадыргало ", - иҳәеит Ильницки.

2020 шықәса рзы аусумҭақәа алыркаауеит аноминациақәа ԥшьба рыла: "Главные новости", "Спорт", "Моя планета", "Портрет. Герой нашего времени".

2020 шықәса рзы аконкурс алахәхаразы азыҳәақәа рыдыркылоит жәабран 29 рҟынӡа асаит stenincontest.ru аҿы.

2020 шықәса рзы афотоконкурс аԥхьахәтә фонд ала актәи, аҩбатәи, ахԥатәи аҭыԥқәа рзы ишәахоит 125 000, 100 000, 75 000 мааҭ. Гран-при —700 000 мааҭ артәоит.

Жәларбжьаратәи аинформациатә маҵзура "Россия сегодня" еиҿнакааз Андреи Стенин ихьӡ зху афотожурналистика Жәларбжьаратәи аконкурс хықәкны иамоуп ҳаамҭазтәи афотожурналистика ауаажәларра разхьарԥшра. Аиндаҭлара – жәларбжьаратәи афотоеилазаара афотожурналистикаҟны ахьыӡ ҿыцқәа ахьаадырԥшуа, астандартқәа ахьдырҿио, иахьышьақәдыргыло ҭыԥ заҵәыкны иҟоуп. Андреи Стенин ихьӡ зху афотожурналистика Жәларбжьаратәи аконкурс мҩаԥысуеит урыстәылатәии жәларбжьаратәии АИХ, аинформациатә маҵзурақәеи афотоеилазаарақәеи рыдгыларала.

2020 шықәса рзы аконкурс информациатә партниорны иазыҟоуп: апортал Вести.Ru, ателеканал "Россия-Культура", аинформациатә маҵзуреи арадиои Sputnik.

Ажәабжьқәа зегьы
0