Sputnik аҿы Стенин игәалашәара иазкны астол гьежь мҩаԥгахоит

Анапаҵаҩра
Нанҳәа 6 асааҭ 14:00 рзы Sputnik амультимедиатә пресс-центр аҿы Андреи Стенин игәалашәара иазкны астол гьежь "Афотокорреспондент изанааҭ" мҩаԥысраны иҟоуп.

Ауснагӡатә аҳәаақәа ирҭагӡаны иалацәажәоит афотокорреспондент иусура, арратә фотожурналистика аҷыдарақәа.

Апресс-конференциа иалахәхоит:

• Афотоҭыхыҩ Ибрагим Чкадуа

• Афотоҭыхыҩ, аоператор Рамин Қаџьаиа

• Аоператор Гарик Арсҭаа

• Аоператор Ҭали Џьапуаԥҳа

Андреи Стенин, афотокорреспондент, диит ԥхынҷкәын 22, 1980 шықәса рзы Печора. 2003 шықәса рзы корреспондентс аус иуан "Российская газета" аҿы аус иуан аҭыжьымҭа "Газета.Ru" аҟны.

Андреи Стенин ихьӡ зху Жәларбжьаратәи ажурналистцәа рфотоеицлабра - Sputnik Аҧсны
Стенин ихьӡ зху аицлабра афиналистцәа рыхьӡ ҳәоуп

2008 шықәса рзы Андреи Стенин аштатнҭыҵтә фотоҭыхҩык иҳасаб ала ИТАР-ТАСС, РИА Новости, "Коммерсант", Reuters, Associated Press, France Press аус рыциуан. 2009 шықәса рзы Андреи Стенин РИА Новости афотокорреспондентс дҟалоит, 2014ш. рзы – МИА "Россия сегодня" акорреспондент ҷыдас. 2014 шықәса рзы аредакциатә дҵа иманы дыҟан Украина. Цәыббра 3, 2014 шықәса рзы Андреи Стенин Донецк иахьаҵанакуа аҭыԥ аҿы нанҳәамзы дҭахеит ҳәа адырра ҟалеит.

АИХ рхаҭарнакцәа ааҳаԥхьоит апресс–конференциахь (аҭыӡҭыԥ: ақ. Аҟәа, Пушкин имҩ. 16, абизнес-центр "Гәдоу Плаза", 5 аихагыла).

Аккредитациа ҟалоит абри аҭел ала: +79409992191 Илона Авилова.

Азыҳәа анашьҭразы аелектронтә ҭыӡҭыԥ: i.avilova@sputniknews.com.

Иара убасгьы азҵаарақәа рынашьҭра ҟалоит Sputnik Аԥсны адаҟьахь (асоциалтә ҳа Facebook) ма аелектронтә ҭыӡҭыԥ i.avilova@sputniknews.com ахь.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0