Урыстәылатәи абжьгаҩ иԥҳәыси иареи рҭахара зыхҟьаз рҳәеит

© Foto / Наталья АйриянИгорь Галь
Игорь Галь - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ҩыџьа Урыстәыла атәылауаа рыԥсыбаҩқәа рбеит дара ахьынхоз аҩнаҿы Аахыҵ Уаԥстәыла аҳҭнықалақь Цхинвал.

АҞӘА, жәабран 5 – Sputnik. Аахыҵ Уаԥстәыла агәабзиарахьчаразы абжьгаҩ Игор Гали иԥшәмаԥҳәыс Ирина Гали рҭахара зыхҟьаз шьақәнаргылеит аӡбара-медицинатә експертиза ҳәа аанацҳауеит Sputnik Южная Осетия.

Ареспублика Апрокуратура хада ашьаусҭҵааратә усбарҭа аусҭҵааҩ Кадзах Нарикаев ишиҳәаз ала хаҵеи ԥҳәыси агаз иахҟьаны ихәаҽит. Абри атәы шьақәнаргылеит Владикавказтәи аӡбара-медицинатә експертиза.

Урыстәыла атәылауаа рыԥсыбаҩқәа рбеит Цхинвал, Исак Харебов имҩаҿы игылаз аҩнаҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0