"Ан лмал" ацҵаразы ариашарақәа Аҳәынҭқарратә думахь инашьҭуп

© Sputnik / Владимир Федоренко / Амедиаҵәахырҭахь аиасраПленарное заседание Госдумы РФ
Пленарное заседание Госдумы РФ - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Апартиа "Иаку Урыстәыла" аҟны иазырыԥхьаӡоит "ан лмал" арҭбаареи аизырҳареи аԥыжәара зҭатәу усуп ҳәа.

АҞӘА, жәабран 11 – Sputnik. "Ан лмал" ацҵаразы ариашарақәа Аҳәынҭқарратә думахь инашьҭуп ҳәа аанацҳауеит "Иаку Урыстәыла" асаит.

2022 шықәсанӡа "ан лмал" ашәара иазырхахоит 1,5 триллион мааҭ. Арҭ аԥарақәа Урыстәыла Атәанчахәытә фонд 2020-2022 шықәсазтәи абиуџьет аҟны иазԥхьагәаҭоуп. Абри атәы аҳәоит анорматив-зинтә актқәа рпортал аҟны икьыԥхьу адокумент аҿы.

Апрограмма аԥаразоужьра иацҵахоит 428 миллиард мааҭ рыла 2020 шықәса рзы, 522 миллиард мааҭ рыла – 2021  шықәса рзы, 582 миллиард мааҭ рыла – 2022 шықәса рзы. Ари хымԥадатәиуп "ан лмал" актәи ахәыҷы изы ашәара алагарази аҩбатәи ахәыҷы изы ашәара ацҵарази.

Аханатә "ан лмал" ашәара иазоужьын 945 миллиард мааҭ.

2020 ажьырныҳәамзазы Урыстәыла ахада Владимир Путин Афедералтә еизарахь инашьҭымҭаан анапынҵа ҟаиҵеит "ан лмал" апрограмма 2026 шықәсанӡа инахазарц. Владимир Путин иҳәеит 2020 шықәса ажьырныҳәамза инаркны актәи ахәыҷы иираан ишшәахо.

Женщины с детьми в Московском зоопарке - Sputnik Аҧсны
Актәи ахәыҷы изы "ан лмал" рыҭара иалагоит хәажәкыра инаркны

Аҩбатәи ахшара изы "ан лмал" 150 000 мааҭ рыла ишьҭыҵуеит, иара ахышәа-ҵышәа 616 000 мааҭ ихалоит. Уи аиндексациа азухоит.

Иахьатәи аамҭазы "ан лмал" 453 000 мааҭ ыҟоуп. 2020 шықәса рзы 466 000 мааҭ ҟалоит, 2021 шықәса рзы — 489 000 мааҭ.

Аҩбатәи, ахԥатәи ахшара рираан ма урҭ ԥас ма ԥҳас ргараан аҳәынҭқарратә цхыраара Урыстәыла аҟаҵара иалагеит 2007 шықәса раахыс, 2021 шықәсанӡагьы апрограмма арбан. Уажәы иара аиҭа хәышықәса иацҵоуп.

"Иаку Урыстәыла" аҟны "ан лмал" арҭбаареи аизырҳареи аԥыжәара зҭатәу усуп ҳәа азгәеиҭеит "Иаку Урыстәыла" амаӡаныҟәгаҩ Андреи Турчак.

Владимир Путин инапынҵала "ан лмал" рырҭо иалагоит актәи ахәыҷы дзаузгьы. Уаанӡа, арҭ аԥарақәа рызшәахон аҩбатәии анаҩстәии ахшара зауз анацәа.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0