Урыстәыла атәылахьчара аминистрра: Идлиб аҭагылазаашьа аҽарххеит

© AFP 2023 / MUHAMMAD HAJ KADOURСирия. Идлиб
Сирия. Идлиб - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аусбарҭа адыррақәа рыла жәабран 27 рзы атеррористтә гәыԥ "Хайят Тахрир аш-Шам" алахәылацәа рҽазыршәеит шьамтәылатәи ар ахьгылаз аиланхарҭа Бехун ажәлара. Шьамтәылатәи ар урҭ хымцала ирԥылеит. Абри ахымца иаҵашәеит ҭырқәтәылатәи аруаагьы.

МОСКВА, жәабран 28 — РИА Новости. Идлибтәи азонаҟны шьамтәылатәи аиҳабыратә мчрақәа рхысра иаҵашәаз аҭырқә ар уа иҟамзар акәын ҳәа азгәарҭеит Урыстәыла атәылахьчара аминистрраҿы.

Шьамтәыла иҟоу аҭырқәа архәҭақәа - Sputnik Аҧсны
Ҭырқәтәыла алаҳәара ҟанаҵеит Идлиб арратә операциа ишазыхиоу азы

Аусбарҭа адыррақәа рыла жәабран 27 рзы атеррористтә гәыԥ "Хайят Тахрир аш-Шам" алахәылацәа рҽазыршәеит шьамтәылатәи ар ахьгылаз аиланхарҭа Бехун ажәлара. Шьамтәылатәи ар урҭ хымцала ирԥылеит. Абри ахымца иаҵашәеит ҭырқәтәылатәи аруаагьы.

Убри аан ҭырқәтәылатәи аган иазгәанаҭоит ари араион аҿы аҭырқәа аррамаҵзурауаа ыҟамызт ҳәа.

Ҭырқәтәылатәи аруаа ааха роуит ҳәа иҟалаз аинформациа ашьҭахь урыстәылатәи аган аҽазышәара ҟанаҵеит амца аанкыларазы, иҭахази ахәра заузи Ҭырқәтәыла аҵакырахь рнагара алнаршеит.

Аҭырқәа провинциа агубернатор Хатаи Рахми Доган аҳәамҭа ҟаиҵеит шьамтәылатәи ар ржәылараан иҭахеит 33-ҩык, ахәрақәа роуит 36-ҩык ҳәа. Абри ашьҭахь Анкара ирыланаҳәеит шьамтәылатәи ар рпозициа адгьыли аҳауеи рҟынтәи ааха шарҭо азы.

Ҭырқәтәыла аиашареи аҿиареи рпартиа апресс-маӡаныҟәгаҩ Омер Челик ахҭыс "қәылароуп" ҳәа ахиҳәааит.

Идлиб. Шьамтәыла - Sputnik Аҧсны
ЕАА апровинциа Идлиб иалахысит

Идлиб аҭагылазаашьа аҽарӷәӷәеит

Ажьырныҳәа анҵәамҭазы шьамтәылатәи ар апровинциақәа Идлиби Алеппои рҭарцәра иалагеит. Арҭ аҭыԥқәа рҿы атеррористцәа аҭыԥантәи ауааԥсыра иахьрылахысуаз азы. Мызкы ахы-аҵыхәала иҭарцәын 600 километр ԥшьыркца, ақалақь Маарет-Нууман, амҩаду М5 (Дамаск — Алеппо).

Анкареи иара адгылаҩцәақәаки Дамаски Москвеи ахара рыдырҵеит ҭырқәтәылатәи ар ириехсуан ҳәа. Шьамтәылеи Урыстәылеи изныкымкәа иазгәарҭеит имҩаԥырго ззырхо атеррористцәа роуп ҳәа. Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров, ишиҳәаз ала Ҭырқәтәыла Идлиб акәша-мыкәша иҟоу апроблемақәа азымыӡбеит ҳәа. Анкара ҳхыдҵақәа наҳагӡеит ҳәа азырыԥхьаӡоит.

Ииасыз амчыбжь азы Ердоган иҳәеит Анкара макьаназ иагәаԥхаша алҵшәақәа амоуцт, Идлиб арратә операциа алагара иазыхиоуп ҳәа. Урыстәыла ахада ипресс-маӡаныҟәгаҩ Дмитри Песков ари иреицәоу сценариуп ҳәа ахиҳәааит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0