Аԥсны иазааигәаны: Шәача иахьаҵанакуа иаатит анапынҵарацәатә центр ҿыц

© Foto / Официальный портал города СочиВ Имеретинской низменности сегодня открылся новый МФЦ
В Имеретинской низменности сегодня открылся новый МФЦ - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Анапынҵарацәатә центр амаҵзурақәа рхы иадырхәар алшоит уа инхо реиԥш, Урыстәыла атәылауаҩра змоу Аԥсны ауааԥсырагьы.

АҞӘА, ԥхынгәы 8 – Sputnik. Шәача иаадыртит хыԥхьаӡарала ихәбатәиу анапынҵарацәатә центр ҳәа аҳәоит ақалақь ахадара асаит.

Ацентр аҭыӡҭыԥ: Имеретиатәи алаҟәыра, аиланхарҭа Мирный, 2а.

Анапынҵарацәатә центр амаҵзурақәа рхы иадырхәар алшоит уа инхо реиԥш, Урыстәыла атәылауаҩра змоу Аԥсны ауааԥсырагьы.

Ацентр аҟазауаа ирылшоит мышкала 300-ҩык рҟынӡа ауаа рымаҵ аура. Аофис ахышәаҵышәа 200 метр ԥшьыркца иҟоуп, ҳаамҭазтәи атехникала еиқәыршәоуп.

Анапынҵарацәатә центр 200 рҟынӡа аҳәынҭқарратәи, амуниципалтәи маҵзурақәа мҩаԥнагоит. Урҭ рхыԥхьаӡара еиҳа-еиҳа иацлоит.

Анапынҵарацәатә центр аартра иалнаршоит адокументқәа еиҳа ирццакны аус рыдулара.

Ажәабжьқәа зегьы
0