Урыстәыла уахыки-ҽнаки рыла 5 475-ҩык авирус рыдбалоуп

© Sputnik / Кирилл Каллиников / Амедиаҵәахырҭахь аиасра"Гемотест" начинает делать анализы на коронавирусную инфекцию
Гемотест начинает делать анализы на коронавирусную инфекцию - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Иахьатәи аамҭа инақәыршәаны, Урыстәылатәи арегионқәа 85 рҿы зынӡа 828 990-ҩык акоронавирустә инфекциа рыдырбалахьеит.

АҞӘА, ԥхынгәы 29 - Sputnik. Урыстәыла уахыки-ҽнаки рыла 5 475-ҩык авирус рыдбалоуп арегионқәа 84 рҿы ҳәа аанацҳауеит COVID-19 аҿагыларазы Москва аоперштаб.

Авирус зыдбалаз рҟынтәи 26,8% аклиникатә ҟазшьақәа рныԥшуамызт.

Уахыки-ҽнаки рыла рыԥсҭазаара иалҵит 169-ҩык, ргәы бзиахеит 8 116-ҩык.

Зынӡа атәылаҿы COVID-19 иахҟьаны 13 673 ԥсыҭбара азгәаҭоуп, 620 333-ҩык ргәы бзиахахьеит.

Аԥсны ауааԥсыра акоронавирус рацәыхьчаразы аштаб адыррала, ареспубликаҿ 63 чымазара хҭыс азгәаҭоуп. Урҭ рҟынтәи 37-ҩык ргәы бзиахахьеит, ҩыџьа рыԥсҭазаара иалҵит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0