Ақьаадқәеи агәаранқәеи, абзиараз: Урыстәыла аелектронтә визақәа аланагалоит

CC0 / / Девушка за ноутбуком
Девушка за ноутбуком - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ажьырныҳәа 1, 2021 рынахыс Урыстәыла аҭаара алшоит аамҭакьаҿлатәи аелектронтә визала. Sputnik еилнакааит ари аԥҟарра ҿыц зхы иазырхәар зылшо азусҭцәоу.

53 ҳәынҭқарра ртәылауаа рзы ихацыркхо апилоттә проект - Владивосток, Мрагыларахаратәи афедералтә округ, Калининградтәи аобласт, Санкт-Петербург, Ленинградтәи аобласт уҳәа рҭааразы аелектронтә визақәа рыҭара ашьҭахь, Урыстәыла иарбанызаалак арегион аҭааразы аамҭакьаҿлатәи аелектронтә визақәа роура алшара ҟанаҵоит.

Алексеи Стефанов, Sputnik

Ахәашаҽны Урыстәыла ахада Владимир Путин инапы аҵаиҩит афедералтә закәан. Уи инақәыршәаны аамҭакьаҿла Урыстәыла алаларазы иалагалахоит  зыҿҳәара 60 мшы иҟоу иаку аелектронтә виза. Авиза адипломатиатә, амаҵзуратә, атранзиттә виза инарываргыланы аамҭала инхо ахаҿқәа рзы ихазу категориахоит.

Работа аэропорта Внуково - Sputnik Аҧсны
Урыстәыла аҳаиртә еимадара нанҳәа 1 инаркны ихацнаркуеит

Убри аан аныҟәара аноурылара 16 мшы еиҳамзароуп.  Аха Урыстәыла атуроператорцәа Рассоциациа Sputnik иазеиҭарҳәеит астатистика инақәыршәаны аҳәаанырцәуаа Урыстәылаҟа рныҟәара бжьаратәла мчыбжьык иҭаӡоит, убри азы аамҭакьаҿла атәылаҿ аҟазааразы авиза аамҭа азхоит ҳәа.

113 тәыла ртәылауаа: Урыстәыла аҭаара мариахоит

Ажьырныҳәа 1, 2021 рынахыс Урыстәыла аҭаараз иалшоит аамҭакьаҿлатәи аелектронтә виза аҟаҵара. Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра азхьаԥшра анаҭеит аексперимент аҳәаақәа ирҭагӡаны Владивосток, Мрагыларахаратәи афедералтә округ, Калининградтәи аобласт, Санкт-Петербург, Ленинградтәи аобласт раҭаараан проблеманы ишыҟалаз арзаҳал ахарҭәаараан агхақәа рыҟаҵара, уи авиза аҭара шалнамыршо. Усеиԥш уаҳа иҟамларц азы асаит аус еиҭадырулеит, идырмариеит.

Амшын аҿы: Урыстәылатәи атуристцәа рыԥсы ршьар ахьырҭаху атәы рҳәоит>>

Иарбан тәылақәоу зтәылауаа алагала ҿыц зхы иазырхәар алшо макьаназ инагӡаны ишьақәыргылам. "Аҳәаанырцә тәылақәа реиқәыԥхьаӡа шьақәнарӷәӷәоит Урыстәыла аиҳабыра" ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит абаҩрҵәыреи, аспорти, атуризми, аҿари русқәарзы Аҳәынҭдума аилак алахәыла Наталиа Кувшинова.

"Сгәы иаанагоит аелектронтә виза ахархәара ҭбаа аиуп ҳәа. Алагала ҿыц азырхоуп алаларатә туризм аҿиара. Ари амеханизм иалнаршараны иҟоу аҳәаанырцә туристцәа аныҟәаразы Урыстәыла алырхуа аҟаҵароуп", - лҳәоит Аҳәынҭдума адепутат.

Зтәылауаа аелектронтә виза зхы иазырхәар рылшо атәылақәа ирыҵаркыр алшоит апилоттә проект иалахәыз – Евроеидгыла атәылақәа, Китаи, Иапониа, Ҭырқәтәыла, Индиа реиԥш егьырҭ 53 тәыла. Ари асиаҿы иҟам ЕАА, Канада, Великобританиа. Аминистрраҿы ирҳәоит 2021 шықәса инаркны, аексперемент аамҭа иеиԥшымкәа авиза ахә ахшәаатәхоит, аха уи ЕАА 50 доллар еиҳамхароуп.

"Иааиуа ашықәс иаҳнарбоит авиза ҿыц ауаа иахьынӡарыдыркыло, уажәазы иҟоу авизақәа ирҿырԥшны", - лҳәеит Аҳәынҭдума адепутат Наталиа Кувшинова.

53 ҳәынҭқарра, аелектронтә виза аиура зылшо реиԥш аҽа 60 тәыла ртәылауаа визада азин рымоуп Урыстәыла иалаларц иҟоу ҩ-ганктәи жәларбжьаратәи аиқәшаҳаҭрақәа шьаҭас иганы. Абас ала, 2021 шықәса инаркны еиҿкаахоит ақьаадтә виза аиура  зҭахым аҭагылазаашьа.

Атуристцәа еизҳауеит 30% рыла

"Ари акыр иармариоит алаларатә туризм зҭаху ргәазыҳәара. Ихадароу  аелектронтә виза аиура амариароуп", - ҳәа ахылҳәааит алагала ҿыц Урыстәыла атуроператорцәа рассоциациа анагӡаратә директор Маиа Ломиӡе.

Колоннада в Гагре - Sputnik Аҧсны
Шәгәы бзиаз: Гагра аллергиа змоу рыԥсшьараз иреиӷьу қалақьуп

Лара лгәаанагарала, ианеиҵахаӡа аелектронтә виза иалнаршоит алаларатә туризм 30% рыла аизырҳара. Ломиӡе агәра лгоит алагала хырҳаганы ишыҟало.

Урыстәыла атуроператорцәа рассоциациа ахада лхаҭыԥуаҩ Александр Курносов игәаанагарала, ари аиҳабыра рыӡбра атурқәа 40-50% рыла иҳаранакыр алшоит, избанзар авиза аԥызхуа ма аиура зырмариоу атәылақәа рԥышәа ус шакәу ҳнарбоит ҳәа иҳәоит иара.

Александр Курносов дақәгәыӷуеит ԥхьаҟагьы авизатә режим  алиберализациа азухалап ҳәа – "аноурылара ацҵарала, уажәазы иҟоу ҩымз ацынхәрас шықәсыбжак аҟынӡа, амшқәа 16 рцынхәрас 30 рҟынӡа рыцҵарала".

Урыстәыла атуроператорцәа рассоциациа ахада лхаҭыԥуаҩ Александр Курносов иара убасгьы дақәгәыӷуеит аелектронтә виза заураны иҟоу атәылақәа рсиа аҽарҭбаап ҳәа, избанзар уи асиаҿ уажә иарбам Еиду аштатқәеи Великобританиеи рҟынтәи атуристцәа рацәаҩны Урыстәыла иаҭаалар рҭахуп.

"Ари азҵаара аполитикатә ҭагылазаашьа иадырҳәалоит", - иҳәоит Александр Курносов.

Ажәабжьқәа зегьы
0