Афильм "Беслан" арежиссиор: ҳаамҭазтәи аҭоурых аҿы еиҳау рыцҳара ҟамлацт

© Sputnik / Денис Абрамов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраТраурные мероприятия в Беслане
Траурные мероприятия в Беслане - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Цәыббра 3 рзы ателеканал "Россия 1" аҟны имҩаԥысраны иҟоуп беслантәи ашкол №1 аҟны аҭыԥ змаз арыцҳара иазку адокументалтә фильм "Беслан" аԥхьарбара.

Еиуеиԥшым ацәажәарақәа, агәаанагарақәа, агәалашәарақәа, аматериалқәа аус рыдулара ртәы РИА Новости иазеиҭеиҳәеит арежиссиор Александр Рогаткин.

— Александр, ахәаԥшцәа идшәырдыр иҭышәхыз адокументалтә фильм аҭоурых.

—16 шықәса ирықәуп ари ахҭыс ауаажәларра ҭыԥ рнамҭоижьҭеи. Иагьиашаны, аҵыхәтәантәи аамҭазы иараҟара угәы кылызҵәаша аҽак ҟамлацт. Ҳәарада, ари аҭоурых ажурналистцәа аднаԥхьалоит. Аха ицәырҵуа иалагеит ари арыцҳара зхы иазырхәарц иашьҭалаз. Ицәырырго иалагеит альтернативтә теориақәа, амифқәеи алегендақәеи. Урҭ шьаҭас ирымоуп урҭ ашықәсқәа раан афракциа "Родина" ахьӡала депутатс иҟаз Иури Савельев иажәахә. Иара мап ацәикит аофициалтә fжәахә анапаҵаҩра, иҭижьит ихатәы, альтернативтә жәахә. Уаҟа иара ишьақәирӷәӷәоит атеррористцәа анапылаҟаҵаратә рҭҟәацгақәа рымаӡамызт, атеррористцәа роушьҭра зҭахымыз, амцаршәгақәа рыла ихысуаз азыҟаҵара ҷыда змаз агәыԥ ракәын ҳәа. Уажәы ҳара ҳлибералтә оппозициатә АИХқәеи Мраҭашәаратәи АИХқәеи ари аидеиа еимырҟьо ирыманы иқәуп.

— Уи изныкымкәа аҿаԥҽыра аиухьеит…

—Апрокуратура ари аверсиа ҭнаҵаахьеит. НПО "Базальт", амцаршәгақәа ҭзыжьуа анапынҵа арҭеит аҭҵааразы. Москва амҵантәи аполигон аҿы аспорттә зал амодель ргылан, беслантәи аҭӡы злыхыз ақьырмыт иалхын, аиԥшҵәҟьа еиҿкаан. Имҩаԥган аҽазышәара агранатаршәгақәеи, апулемиотқәеи, ажәыларатә гранатаршәгақәеи рыла аихсра. "Базальт" аекспертцәа алкаа ҟарҵеит 2004 шықәса рзы иҟаз агранатаршәгоума амцаршәгоума ҩ-қьырмытк рҿыгҳара змоу аҭӡы рызкылжәомызт ҳәа. Имҩаԥган аҽа експерименткгьы. Уи аан абри аҭӡы иаддыргылеит анапылаҟаҵаратә рҭҟәацга зқәыз асқам. Уи беслантәи аспорттә зал аҿтәи аҭагылазаашьа иақәшәеит. Ус шакәугьы Савельев иажәахә шьаҭаны иазыҟоуп "Новая газета", "Эхо Москвы", "Радио Свобода" ажурналистцәа рыҭҵаарақәа. Дара абарҭ аамҭақәа зегьы раан абри амиф иааҟәымҵӡакәа еиҭарҳәоит.

Траурные мероприятия в Беслане - Sputnik Аҧсны
"Амаалықьцәа рықалақь": Беслантәи атрагедиа ҟалеижьҭеи 15 шықәса ҵит

Ҳара ҳҽазаҳшәеит егьырҭ амифқәагьы реиҭаҳәара, Ичкериа ахада Аслан Масхадов инеира, уи фырхаҵаны иаарԥшра алымшарц азы спецназаа аоперациа иалагеит ҳәа иҟақәоу иреиԥшугьы.

Савельев иҳәоит, атеррористцәа ахәыҷқәа иреихсуамызт ҳәа. Фотосахьақәак цәыригоит, аха иҟоуп егьырҭ афотосахьақәагьы, ашаҳаҭцәа ражәақәа. Иара ҵаҵӷәыс иҟаиҵо афотоҭыхҩы иҳәоит: "Атеррористцәа хысуамызт зҳәо амц иҳәоит ҳәа". Афильм аҿы ирацәоуп ауаатәыҩсатә ҭоурыхқәа.

— Аҭыхрақәа шәрылацәажә. Уадаҩрақәаны ишәымааз?

— Уадаҩра рацәак ыҟамызт. Ашаҳаҭцәа рацәаҩуп, шасыс иргаз ыҟоуп, аха иҟоуп урҭ ахҭысқәа ргәаларшәара зҭахым, иҟоуп агәалашәарақәа мап рцәызымкуа. Ԥхынгәымзазы ҳалагеит афильм аҭыхра, цәыббра 3 ҳҽахьаҳагӡеит. Аилак "Матери Беслана" ҳфильм аҟны ахҳәаа арҭеит апрофессор Савельев игәаанагара ишадгылогьы. Ҳазҵаарақәа реиҳарак рҭак ҳауит.

— Ишәыгәҭакума ацҵара? Ашәҟәы аҩра?

— Мап. Макьаназы усеиԥш гәҭакы сымам.

Ажәабжьқәа зегьы
0