Урыстәыла 4995-ҩык COVID-19 змоу аарԥшуп

© Sputnik / Денис Абрамов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраТестирование на антитела к коронавирусу
Тестирование на антитела к коронавирусу - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
ВОЗ адыррақәа рыла адунеи аҿы авирус зцәа иалоу 25 миллионҩык ыҟоуп. Урыстәыла адунеитә реитинг аҿы аԥышьбатәи ацәаҳәаҿы игылоуп.

АҞӘА, цәыббра 3 – Sputnik. Аҵыхәтәантәи уахыки-ҽнаки рыла Урыстәыла акоронавирус рыдбалоуп 4995-ҩык 83 регион рҿы. Урҭ рҟынтәи 5766-ҩык ргәабзиара шьақәгылеит, 114 – рыԥсҭазаара иалҵит.

Краснодартәи атәылаҿацә аҿы 90 COVID-19 хҭыс ҿыц аҭыԥ амоуп, 60-ҩык ҳәсоуп, 30-ҩык хацәоуп.

Краснодар акоронавирус рымоуп 4-ҩык, Шәача– 11, Тихорецктәи араион – 6, Динсктәии Северскии араионқәа рҿы – 5-5, Кушьчевсктәи араион– 4.

Анапа, Геленџьик, Тҟәаԥс, Калининск, Славианск араионқәа рҿы ҩыџьа-ҩыџьа.

Еиск, Гулькевичск, Курганинск, Шьчербиновск, Каневск, Новопокровск, Усть-Лабинск араионқәеи, Гориачи Клиучи Армавири рҟны аӡәаӡәа акоронавирус рымоуп.

Аԥсны коронавирус рымоуп 384-ҩык, ргәы бзиахеит 138-ҩык, ԥшьҩык рыԥсҭазаара иалҵит.

Акоронавирус иазку ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>

Ажәабжьқәа зегьы
0