"Спутник V" Урыстәыла ахәышәтәырҭақәа рахь инаргеит

© Sputnik / Владимир Песня / Амедиаҵәахырҭахь аиасраБрифинг, посвященный первой в мире зарегистрированной вакцине от COVID-19
Брифинг, посвященный первой в мире зарегистрированной вакцине от COVID-19 - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Акоронавирус хызҽуа урыстәылатәи алаҵа миллиард цыра аахәаразы азыҳәақәа ҟарҵахьеит 20 тәыла.

АҞӘА, цәыббра 4 - Sputnik. Гамалеиа ицентр аҿы аус зыдулаз COVID-19 хызҽуа алаҵа амедицинатә усҳәарҭақәа рахь инашьҭуп аҭаҩратә ҭҵаара ашьҭахь ҳәа аанацҳауеит РИА Новости Гамалеи ихьӡ зху аинститут адиректор ихаҭыԥуаҩ Денис Логунов иажәақәа шьаҭас иҟаҵаны.

Хара имгакәа раԥхьатәиқәа ироуртә иҟалоит.

"Аҭҵаара ахԥатәи астадиа иалагеит. Иаартуп ацентрқәа, алаҵа еихшоуп, хатәгәаԥхарала излазҵо раԥхьатәиқәа ирыҭахоит", - ҳәа иҳәеит Логунов аканал "Россия 24" аефир аҿы.

Урыстәыла Агәабзиарахьчара аминистрра ашәҟәы иҭанагалеит акоронавирустә ҿкы чымазара ҿыц (COVID-19) апрофилактиказы адунеи аҿы ираԥхьаӡатәиу алаҵа. Алаҵа аԥырҵеит Гамалеиа ихьӡ зху аепидемиологиеи амикробиологиеи рыҭҵаарадырратә центр аҟны. Алаҵа хьӡыс иарҭеит "Спутник V".

РФПИ аиҳабы Кирилл Дмитриев адырра ҟаиҵеит, афонд ахь 20 тәыла рҟынтә азыҳәақәа шроуз урыстәылатәи ахәшә адозақәа миллиард раиуразы. Убри аан иара иазгәеиҭеит Урыстәылеи азыҳәа ҟазҵаз рахьтә хә-тәылаки дара рҵакырадгьыл аҟны алаҵа аҭыжьразы ишеиқәшаҳаҭхаз. Дмитриев иажәақәа рыла, иахьазы ирымоу амчқәа алшара ҟарҵоит шықәсык ала 500 миллион доза аҭыжьра.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0