Урыстәыла атәылауаҩра аиура зырмариоу азакәан аус адырулоит

© Sputnik / Григорий Сысоев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАрхивное фото.
Архивное фото. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Цәыббра 9 рзы Урыстәыла Ауаажәларратә палатаҿ имҩаԥысит аԥхьанатәтә ԥхьара 2021 шықәсазы ицәыргахар зылшо азакәан ҿыц атекст апроект аганахь ала.

АҞӘА, цәыббра 10 – Sputnik. Урыстәыла атәылауаҩра аиура зырмариоу, аҳәаанырцәуаа аусурҭа ҭыԥқәа роура алзыршо азакәан аус адырулоит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

Афедералтә закәан ҿыц аконцепциа азнархиеит атәыла Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра, уажәы аминистрреи анагӡаратә мчра афедералтә усбарҭақәеи ҳәа лҳәеит Урыстәыла ААР амиграциа азҵаарақәа рзы аусбарҭа аиҳабы Валентина Казакова.

Московская печатная фабрика Гознака - Sputnik Аҧсны
Урыстәыла атәылауаҩра аиура еиҳа имариахоит

Лара лажәақәа рыла азакәан аналагалахалак Урыстәыла аҵакыраҿы аҟазаара арежим аҽеиҭанакуеит иара убасгьы имариахоит адокументқәа реиҿкаара апроцедура.

"Ҳара, уажәы ишыҟоу ала аамҭала анхараз азинҟаҵара аинститут мап ацәкра ҳагәҭакуп. Уи акыр еихачаԥоуп… аԥхьа аамҭала анхараз азин аҭахуп, нас – анхараз алшара узҭо абӷьыц, уи ашьҭахь ауп атәылауаҩра аиура аналшо", - лҳәеит Казакова.

Лара иазгәалҭеит ишырмариахо аҳәаанырцәуаа аусурҭа ҭаԥқәа рыҭара апроцедурагьы.

"Аҳәаанырцәуаҩ Урыстәыла аҵакырахь усура даауазар, идокументқәа хаҭабзиарала реиҿкаара илшо дыҟазароуп. Уи азы иаҭаххоит еиуеиԥшым аелектронтә реестрқәа: аусураҭаҩцәа реестр, аҳәаанырцә тәылауаа-усуҩцәа реестр. Адокументқәа аелектронтә формала реиҿкаарахь амҩа ҳануп", - лҳәоит лара.

2021 шықәса рзы аусура иалагар зылшо Афедералтә закәан ҿыц аконцепциа азнархиеит атәыла Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра, уажәы аминистрреи анагӡаратә мчра афедералтә усбарҭақәеи.

Уаанӡатәи атәылауаҩра аиура армариаразы азакәан 2020 шықәса мшаԥымзазы Владмир Путин инапы аҵеиҩит. Уи азакәан ала уаанӡатәи атәылауаҩра  мап ацәкра аҭагылазаашьақәа аԥыххон, хышықәсатәи атәылаҿ анхара аҭагылазаашьақәа ыррмариахон иара убасгьы ирмариахон еиуеиԥшым аԥҟарақәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0