Акоронавирус зыхьуаз хәҩык апациентцәа рыԥсҭазаара иалҵит Ҟәбан

© Sputnik / Максим Блинов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраРабота бригады скорой помощи в Москве
Работа бригады скорой помощи в Москве - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Иаҳхысыз уахыки-ҽнаки рыла Урыстәыла иаарԥшу акоронавирустә хҭыс ҿыцқәа рхыԥхьаӡара 6 431 ыҟоуп, дара аарԥшуп арегионқәа 85 рҟны.

АҞӘА, цәыббра 23 – Sputnik. Краснодартәи атәылаҿацә аҟны иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла рыԥсҭазаара иалҵит COVID-19 адиагноз ззықәыргылаз хәҩык апациентцәа ҳәа адырра ҟанаҵоит Ҟәбан ахадара.

Центр эпидемиологии и микробиологии им. Н. Ф. Гамалеи - Sputnik Аҧсны
Акоронавирустә хҭыс ҿыцқәа даҽа 59 азгәаҭоуп Аԥсны

Акоронавирус зцәа иалаз, ҩ-ганклатәи агәаҵәкра змаз апациентцәа ԥшьҩык рыԥсҭазаара иалҵит Шәачатәи аинфекциатә хәышәтәырҭа №2 аҟны. Ҩыџьа аҭыԥантәи ауааԥсыра роуп, арыԥҳа-аҳауаҭарсга аппарат иаҿакын, насгьы дара ашьақәыӷәӷәара ҳаракы рыман.

Иара уи ахәышәтәырҭаҿы рыԥсҭазаара иалҵит Тҟәаԥстәи араион ауааԥсыра ҩыџьа: 60 шықәса зхыҵуаз ахаҵеи, 81 шықәса ирҭагылаз аԥҳәыси. Дара нанҳәамза анҵәамҭазы ачымазара ркит, аҳауаҭарсга аппарат иаҿакны ишьҭан. Аԥҳәыс бырг убасгьы ашьақар чымазареи агәыхьи лыман.

Ахәбатәи апациент иԥсҭазаара далҵит Ҟрымтәи араионтә хәышәтәырҭа хадаҟны. 69 шықәса зхыҵуаз аҭыԥантәи анхаҩы ҩ-ганклатәи аполисегментартә гәаҵәкра иманы дааргеит арыԥҳа-аҳауаҭарсга аппарат дадырҳәалеит, аха уигьы агәыхьи, астенокардиеи, ашьақәыӷәӷәара ҳараки ахьимаз аҟнытә иԥсы аиқәырхара залымшеит.

Акоронавирус иадҳәалоу егьырҭ ажәабжьқәа шәрыԥхьар ҟалоит абра>>

 

 

Ажәабжьқәа зегьы
0