COVID-19 хызҽыша аҽа хәшәык ԥшаауп

© Sputnik / Евгений Епанчинцев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраВ Забайкалье поступила тест-система для определения антигена коронавируса
В Забайкалье поступила тест-система для определения антигена коронавируса - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Акоронавирустә инфекциа иаҿагылаша ахәшә аҭыжьра азыԥхьагәаҭоуп "гриб чаги" ҳәа изышьҭо аҵааҵла арыжәпа аӡеиҵарԥхьа шьаҭас иганы.

АҞӘА, абҵара 11 - Sputnik. Аҵааҵла акәыкәбаа акоронавирус ҿыц амчқәа шьақәнартәоит ҳәа азгәарҭеит Роспотребнадзор авирусологиеи абиотехнологиеи рҳәынҭқарратә центр "Вектор" аҵарауаа.

"Аҵааҵла акәыкәбаа арыжәпа аиҵарԥхьа SARS-CoV-2 аганахь ала амчхара шамоу аанарԥшуеит. Иуҳәар ауеит ԥхьаҟазы "гриб чаги" ҵаҵӷәыс ирыҭаны авирус хызҽуа ахәшәқәа раԥҵара алшар ауеит ҳәа", - азгәаҭоуп РАН Сибратәи аҟәша аҭыжьымҭа "Наука из первых рук" адырраҭараҿы.

Аҭыжьымҭа иазгәанаҭоит аҵарауаа раԥхьа иргыланы ишақәгәыӷуаз аптекақәа рҿы ирҭиуа ахәшә бефунгин — аҵаҵала акәыкәбаа аиҭарԥхьеи акольбати аетилтә сԥирҭи реицҵа. Аха ари ахәшә авирус аганахь ала иԥсыҽны ахы аанарԥшит.

"Вектор" алабараториа аиҳабы, апрофессор Ҭамара Теплиакова ишылҳәо чага арыжәпа лара лхаҭеи COVID-19 змаз илзааигәаз ауааи рхахьы иԥыршәеит. Зегьы еицазгәаҭаны ирҳәеит хәымш-фымш рыҩныҵҟа авирус аҟазшьақәа ыӡит ҳәа. Чага аҟазшьа хадақәа иреиуоуп ашьаныҟәара аҳаракра.

Акәыкәбаа шьаҭас иганы ахәшә ма БАД ҭырҵаараны иҟоуп аха аҵарауаа ишырҳәо ала профилактикак аҳасаб ала ачаи иахьагьы ухы иауырхәар ҟалоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0